COVID-19 рыдбалоуп даҽа 94-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, пациентк иԥсҭазаара далҵит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛаборатория "Инвитро" начала тестирование на коронавирусную инфекцию
Лаборатория Инвитро начала тестирование на коронавирусную инфекцию  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.09.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 25716-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 21760-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 388-ҩык.
АҞӘА, цәыббра 7 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 367-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 94-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит 62 шықәса ирҭагылаз апациент.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 47-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 15-ҩык, ибжьаратәуп - 21-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 26-ҩык, урҭ рахьтә фҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 17-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 17-ҩык, урҭ рахьтә ԥшьҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - жәҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 60-ҩык апациентцәа, ааҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Аоперативтә штаб аҳәара ҟанаҵоит ауааԥсыра аҿкы рхы ацәырхьчаларц.
Ажәабжьқәа зегьы
0