АҞӘА, цәыббра 8 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 369-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 118-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит 72 шықәса ирҭагылаз ахаҵеи, 83 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыси, аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы идунеи иԥсахит 68 шықәса зхыҵуаз апациент.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 43-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 16-ҩык, ибжьаратәуп - 16-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 24-ҩык, урҭ рахьтә фҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 18-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 17-ҩык, урҭ рахьтә хәҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - ааҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 63-ҩык апациентцәа, ааҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Аоперативтә штаб аҳәара ҟанаҵоит ауааԥсыра аҿкы рхы ацәырхьчаларц.