https://sputnik-abkhazia.info/20210908/Akoronavirus-ztsa-ialaz-khyk-apatsienttsa-sit-Asny-amedusaraa-ry-1033173911.html
Акоронавирус зцәа иалаз хҩык апациентцәа ԥсит Аԥсны амедусҳәарҭақәа рҿы
Акоронавирус зцәа иалаз хҩык апациентцәа ԥсит Аԥсны амедусҳәарҭақәа рҿы
Sputnik Аҧсны
Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 25834-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 21760-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит... 08.09.2021, Sputnik Аҧсны
2021-09-08T23:45+0300
2021-09-08T23:45+0300
2021-09-09T00:58+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
акоронавирус адунеи аҿы
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0a/16/1031148451_0:104:2000:1229_1920x0_80_0_0_975f8eb82da8827531ed0ac352fbd55f.jpg
АҞӘА, цәыббра 8 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 369-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 118-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит 72 шықәса ирҭагылаз ахаҵеи, 83 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыси, аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы идунеи иԥсахит 68 шықәса зхыҵуаз апациент.Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 43-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 16-ҩык, ибжьаратәуп - 16-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 24-ҩык, урҭ рахьтә фҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 18-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 17-ҩык, урҭ рахьтә хәҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - ааҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 63-ҩык апациентцәа, ааҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.Аоперативтә штаб аҳәара ҟанаҵоит ауааԥсыра аҿкы рхы ацәырхьчаларц.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0a/16/1031148451_112:0:1889:1333_1920x0_80_0_0_56bda2e1344913efe527b000c3eb9f33.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, акоронавирус адунеи аҿы
аԥсны, ажәабжьқәа, акоронавирус адунеи аҿы
Акоронавирус зцәа иалаз хҩык апациентцәа ԥсит Аԥсны амедусҳәарҭақәа рҿы
23:45 08.09.2021 (ирҿыцуп: 00:58 09.09.2021) Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 25834-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 21760-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 391-ҩык.
АҞӘА, цәыббра 8 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 369-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 118-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит 72 шықәса ирҭагылаз ахаҵеи, 83 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыси, аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы идунеи иԥсахит 68 шықәса зхыҵуаз апациент.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 43-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 16-ҩык, ибжьаратәуп - 16-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 24-ҩык, урҭ рахьтә фҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 18-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 17-ҩык, урҭ рахьтә хәҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - ааҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 63-ҩык апациентцәа, ааҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Аоперативтә штаб аҳәара ҟанаҵоит ауааԥсыра аҿкы рхы ацәырхьчаларц.