Аԥсны 2021 шықәсазы аԥсшьаратә хырхарҭақәа рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ ннакылеит

Аԥхынтәи атуристтә сезон, атәылақәа жәпакы рҿы аԥкырақәа шыҟазгьы, ақәҿиара аман имҩаԥысит, аиҳаракгьы 2020 шықәса иаҿырԥшны иугозар.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 8 - Sputnik. Аԥсны 2021 шықәсазы  аԥсшьаратә хырхарҭақәа рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ ннакылеит Ҭырқәтәыла ашьҭахь ҳәа аҩуеит Урыстәыла атуроператорцәа Рассоциациа асаит.
Гагра жьҭаарамзазы аԥсшьара ахьыргәаԥхо ахырхарҭақәа жәаба ирылашәеит
Ассоциациа адыррақәа рыла, ареспублика иаҭааит 800 000-ҩык иреиҵамкәа атуристәа. Урҭ рҟынтәи 700 000-ҩык аԥхынразы, мышктәи аекскурсиатә гәыԥқәагьы налаҵаны.
Аԥыжәара амоуп Ҭырқәтәыла. Ашықәс нҵәаанӡа ара 4,5 миллионҩык урыстәылатәи атуристцәа ирзыԥшуп. Аԥхынтәи асезон азы рыԥсы ршьеит 2,3 -2,4 миллионҩык Урыстәыла атәылауаа.
Иахьазы урыстәылатәи атуристцәа ирзаартуп 40 ҳәаанырцә тәыла.
Убри аан еиҳа ирҭаху хырхарҭаны 2021 шықәсатәи аԥхын азы ишьан Урыстәыла ахаҭа. Убас, 20 миллионҩык урыстәылаа атәыла аҩныҵҟа рыԥсы ршьеит.
Ассоцициа аҿы ишырдыруа ала, Аԥсны ҩыџьа шьыжьхьа рыдгалони рымҩа ахәшәаара ацҵани жәамштәи атурқәа 80-90 нызқь мааҭ итәоит, иреиҵаӡоу ахәԥсақәа 42-45 нызқь мааҭ итәоит.
Урыстәыла иара абри иашьашәало атурқәа бжьаратәла 70 000 мааҭ иаԥсан, иреиҵаӡоу ахәԥсақәа 32-35 нызқьмааҭ.
Ҭырқәтәыла акәзар иреиҵаӡоу абри аҩыза атур ахәԥса 50-55 нызқь мааҭ иҟан, хә-еҵәак змоу аотельқәа рҿы –100-120 нызқь мааҭ.
Ассоциациа аналитикатә маҵзура адыррақәа инарықәыршәаны 2021 шыҿкәсазы урыстәылатәи аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара абас аҽеихнашеит:
"Абарҭ иаарту ахырхарҭақәа реиҳарак 2019 шықәсатәи апандемиаԥхьатә аамҭа арбагақәа рҟынӡа изыҩаӡом. Ус шакәугьы, иазгәоуҭар рылшоит адгьылбжьахатә хырхарҭақәа: Куба, Занзибар, Мальдивы, Сеишелы. Ара 2019 шықәса иаҿырԥшны жәа-процентк инаркны (Куба) зқьы процент рҟынӡа (Занзибар) иацлеит", - лҳәеит абрифинг аҿы Ассоциациа адиректор хада Маиа Ломиӡе.
Лара иазгәалҭеит аҳаирцәаҳәақәа макьанагьы аԥкырақәа ахьрықәу азы иаарту ахырхарҭақәа реиҳарак зыхәԥса дуу асегмент ахь ииасит ҳәа.