Аԥсны 2021 шықәсазы аԥсшьаратә хырхарҭақәа рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ ннакылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВид на Сухумскую набережную
Вид на Сухумскую набережную  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.09.2021
Анапаҵаҩра
Аԥхынтәи атуристтә сезон, атәылақәа жәпакы рҿы аԥкырақәа шыҟазгьы, ақәҿиара аман имҩаԥысит, аиҳаракгьы 2020 шықәса иаҿырԥшны иугозар.
АҞӘА, цәыббра 8 - Sputnik. Аԥсны 2021 шықәсазы  аԥсшьаратә хырхарҭақәа рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ ннакылеит Ҭырқәтәыла ашьҭахь ҳәа аҩуеит Урыстәыла атуроператорцәа Рассоциациа асаит.
Колесо обозрения на набережной Гагры  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.09.2021
Гагра жьҭаарамзазы аԥсшьара ахьыргәаԥхо ахырхарҭақәа жәаба ирылашәеит
Ассоциациа адыррақәа рыла, ареспублика иаҭааит 800 000-ҩык иреиҵамкәа атуристәа. Урҭ рҟынтәи 700 000-ҩык аԥхынразы, мышктәи аекскурсиатә гәыԥқәагьы налаҵаны.
Аԥыжәара амоуп Ҭырқәтәыла. Ашықәс нҵәаанӡа ара 4,5 миллионҩык урыстәылатәи атуристцәа ирзыԥшуп. Аԥхынтәи асезон азы рыԥсы ршьеит 2,3 -2,4 миллионҩык Урыстәыла атәылауаа.
Иахьазы урыстәылатәи атуристцәа ирзаартуп 40 ҳәаанырцә тәыла.
Убри аан еиҳа ирҭаху хырхарҭаны 2021 шықәсатәи аԥхын азы ишьан Урыстәыла ахаҭа. Убас, 20 миллионҩык урыстәылаа атәыла аҩныҵҟа рыԥсы ршьеит.
Ассоцициа аҿы ишырдыруа ала, Аԥсны ҩыџьа шьыжьхьа рыдгалони рымҩа ахәшәаара ацҵани жәамштәи атурқәа 80-90 нызқь мааҭ итәоит, иреиҵаӡоу ахәԥсақәа 42-45 нызқь мааҭ итәоит.
Урыстәыла иара абри иашьашәало атурқәа бжьаратәла 70 000 мааҭ иаԥсан, иреиҵаӡоу ахәԥсақәа 32-35 нызқьмааҭ.
Ҭырқәтәыла акәзар иреиҵаӡоу абри аҩыза атур ахәԥса 50-55 нызқь мааҭ иҟан, хә-еҵәак змоу аотельқәа рҿы –100-120 нызқь мааҭ.
Ассоциациа аналитикатә маҵзура адыррақәа инарықәыршәаны 2021 шыҿкәсазы урыстәылатәи аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара абас аҽеихнашеит:
  • Ҭырқәтәыла - 2,6 миллионҩык рҟынӡа атуристәа аҭааит; урҭ рахьтә аԥхын иалагӡаны ицаз ҩ-миллионҩык иреиҵам;
  • Аԥсны - 800 нызқьҩык иреиҵамкәа; аԥхын - 700 нызқьҩык иреиҵамкәа;
  • Кипр - 330-340 нызқьҩык рҟынӡа; аԥхын - 250 нызқьҩык;
  • Араԥ емиратқәа -330-340 нызқьҩык рҟынӡа; аԥхын - 90 нызқьҩык;
  • Египет - 250 нызқьҩык; аԥхын - 70 нызқьҩык рҟынӡа;
  • Мальдивы - 160,6 нызқьҩык; аԥхын - 54 нызқьҩык;
  • Куба - 100 нызқьҩык; аԥхын - 40 нызқьҩык рҟынӡа;
  • Хорватиа - 90 нызқь; аԥхын - 70 нызқь;
  • Танзаниа - 85,3 нызқь; аԥхынтәи атурқәа ыҟам;
  • Бырзентәвла- 70 нызқь рҟынӡа; аԥхын - 60 нызқь.
"Абарҭ иаарту ахырхарҭақәа реиҳарак 2019 шықәсатәи апандемиаԥхьатә аамҭа арбагақәа рҟынӡа изыҩаӡом. Ус шакәугьы, иазгәоуҭар рылшоит адгьылбжьахатә хырхарҭақәа: Куба, Занзибар, Мальдивы, Сеишелы. Ара 2019 шықәса иаҿырԥшны жәа-процентк инаркны (Куба) зқьы процент рҟынӡа (Занзибар) иацлеит", - лҳәеит абрифинг аҿы Ассоциациа адиректор хада Маиа Ломиӡе.
Лара иазгәалҭеит аҳаирцәаҳәақәа макьанагьы аԥкырақәа ахьрықәу азы иаарту ахырхарҭақәа реиҳарак зыхәԥса дуу асегмент ахь ииасит ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0