АҞӘА, цәыббра 8 - Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Гәдоуҭа араион иахьаҵанакуа ӡыла аиқәыршәара апроблема аҭыԥантәи амуниципалтә маҵзурақәа рхала аӡбшьа рзамҭеит. Убри азы араион анапхгара атәыла аиҳабыра рахь аццхыраара иаҳәараны иҟоуп.
"Ари иуадаҩу зҵаарахеит. Аӡымҩангага лыкьла иҭәит, аха аҭыԥҵәҟьа ахьыҟоу ҳзеилкаауам. Ахада адырра иаҳҭоит анаҩс адгылара ҳаиҭарц", - ҳәа иҳәеит Гәдоуҭатәи аӡыканал аиҳабы Оҭар Леиба Sputnik аинтервиу аҭо.
Ари апроблема ҟалеижьҭеи уажәшьҭа мчыбжьык ҵит, араион ахада Баграт Боџьгәуа иҳәеит атәыла аиҳабыра рахь ацхыраара даҳәараны дшыҟоу.
"Аҽа мҩак ыҟан избом. Апроблема уадаҩуп. 400 метра инарзынаԥшуа лыкьла ишәаҳауп. Аҟәантәи аҟазауаа ирыԥхьатәуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Цәыббра 7 инаркны амашьына ҷыдақәа рыла ауааԥсыра аӡыржәтә рызнарго иалагеит.
Гәдоуҭа араион аҿы 500 рҟынӡа ҩны – Гагратәи амҩаду, Бамбора, Лыхны ахәҭак аамш ирықәуп ӡыда иҟоижьҭеи, аӡымҩангага алыкь ала ианшәаҳаха ашьҭахь.
Амагистраль шьҭаҵан 1962 шықәса рзы, уиижьҭеи ирымԥсахцызт.