Аԥсыӡнхамҩазы аурыс-аԥсуа комиссиа асессиа мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа

Акомиссиа аилатәара мҩаԥыргоит иахәҭаны ианашьо аамҭазы атәылақәа рҵакырақәа рҿы инеиҭак-ааиҭакуа, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аԥсыӡнхамҩа аусхк аҿы аусеицуразы аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 15- Sputnik. Аԥсыӡнхамҩазы аурыс-аԥсуа комиссиа абыжьбатәи асессиа  мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа цәыббра 16-17 рзы ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.
Аҵәгәыр иаҿашәеит: Аԥсны аԥсыӡ шыркуа
Аганқәа алацәажаәраны иҟоуп амшынеиқәатә регион аҿы аԥсыӡкреи аквакультуреи рҭагылазаашьа, аӡытә биоресурсқәа рыҟазаашьа, аквакультуратә аалыҵ ааӡара, аԥсыӡааглыхратә ҭҵаарадырра аусбарҭақәа рыбжьара аҭҵаарадырра-техникатә усеицура аплан.
Иара убасгьы ирзааҭгылоит аӡынтәи аԥсыӡкраамҭазы иркуа ақамшьиа ахышәаҵышәа, аӷбақәа рыла уи акышьа аформа.
Акомиссиа напхгара арҭоит Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуеи аԥсыӡкразы афедералтә маҵзура Азов-Амшынеиқәатә ҵакыратә усбарҭа анапхгаҩы Игор Рулиови.