Аԥсны - амшын иаԥну тәылоуп, уи адагьы хыԥхьаӡара рацәала аӡиасқәа алсуеит, урҭ ирҭоуп акалмаҳа уҳәа реиԥш иҟоу еиуеиԥшым аԥсыӡ хкқәа, ааԥынразы аӡиасқәа амшын иахьалало амшын ԥсыӡқәагьы ҭалоит.
Аԥсны иқәынхо ажәлар аԥсыӡкра ажәытәӡаахыс рнапы шалакыз дырҵабыргуеит антикатәи аамҭа иаҵанакуа археологиатә ԥшаахқәа. Урҭ рыбжьара иҟоуп ҳера ҟалаанӡа IV азқьышықәса иаҵанакуа кистриктәи анеолиттә маҭәарқәа ирхыԥхьаӡалоу аԥсыӡкыгатә каҭақәа рзы аҳаҵаҳәақәа (грузило).
Иахьагьы Аԥсны имаҷҩым аԥсыӡкра бзиа избо ауаа. Дара амшын аҿеиԥш, атәыла аӡиақәеи аӡиасқәеи рҿы аԥсыӡ ркуеит. Аԥсны аӡқәа ирҭоу аԥсыӡқәа иреиуоуп: аидыԥсала (кефаль), апҟыш (карп), аԥашәԥсыӡ (сом), ашәиаҟ (камбала), аҵыхәшәыгә (ставрида), амшынеиқәатәи амшынла (черноморский катран), аҭкәицар (карась), агәыҵаԥшь (барабулька), акамшьиа (хамса), аӡиастә калмаҳа (речная форель), колхидатәи аԥаҵақьиа (колхидский усач), кавказтәи аӡыжьԥсыӡ (кавказский голавль), ацеицеи (уклейка), аҭрыс (быстрянка), ақырцал (плотва) уҳәа ирацәаны.