Очамчыра араиони Афон ҿыци ацхыраара ласы амашьына ҿыцқәа роуит

Ацхыраара ласы амашьынақәа ҩба Аԥсны ҳамҭас иарҭеит Чечентәыла ахада Рамзан Кадыров ихьӡала.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 15 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Афон Ҿыци Очамчыра араиони рхәышәтәырҭақәа амашьына ҿыцқәа ҩба риҭеит.
Очамчыра араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Мадонна Кьышьмариаԥҳа илҳәеит араион аҿы х-машьына заҵәык шыҟаз.
"Араион дууп. Ақыҭақәа рацәоуп. Лассы-лассы апациентцәа аҳҭнықалақь ахь ргара ҳақәшәоит. Уажәы аковид инадҳәаланы Гәдоуҭатәи агоспиталь ахьгьы ауаа аагоит. Ацхыраара ласы амашьына ҿыц ҳара ҳзы ицхыраагӡаҵәҟьоуп", - лҳәеит лара.
Афонҿыцтәи ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Луиза Арӡынԥҳа ҭабуп ҳәа ахылҳәааит аҳамҭа. Иазгәалҭеит ахәышәтәырҭа автопарк аҿы ҩ-машьына заҵәык шыҟаз, урҭгьы акыр ишықәсхьаз.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра ацхыраара ласы амашьынқәа ҩба аиуит Чечентәылантәи
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иҳәеит ари амчыбжь азы аҽа машьынакгьы аараны ишыҟоу. Иазыԥхьагәаҭоуп Аҟәа ақалақь азы аҽа ҩ-машьынак раахәара.
Ацхыраара ласы амашьынақәа ҩба - ГАЗель NEXT Аԥсны ҳамҭас иаҭан Чечентәыла ахада  Рамзан Кадыров ихьӡала.
Амашьынақәа арахь иааган цәыббра 4 азы. Амашьынақәа рцаԥхақәа Едуард Быҭәба инапы иаиркит Чечентәи Ареспублика ахаҭарнакс Краснодартәи атәылаҿацә аҿы иҟоу Саид-Хусеин Хамзатов.