АҞӘА, цәыббра 17 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 445-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 109-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 28-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп ааҩык, ибжьаратәуп - 14-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 28-ҩык, урҭ рахьтә жәаҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 14-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 17-ҩык, урҭ рахьтә хәҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 11-ҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 67-ҩык апациентцәа, жәаҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Аоперативтә штаб аҳәара ҟанаҵоит ауааԥсыра аҿкы рхы ацәырхьчаларц.