https://sputnik-abkhazia.info/20210917/Shky-inareiany-akoronavirust-khys-ytsa-ashy-iagaloup-Asny--1033226820.html
Шәкы инареиҳаны акоронавирустә хҭыс ҿыцқәа ашәҟәы иҭагалоуп Аԥсны
Шәкы инареиҳаны акоронавирустә хҭыс ҿыцқәа ашәҟәы иҭагалоуп Аԥсны
Sputnik Аҧсны
Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 26658-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 21909-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит... 17.09.2021, Sputnik Аҧсны
2021-09-17T22:38+0300
2021-09-17T22:38+0300
2021-09-17T22:38+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
акоронавирус адунеи аҿы
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/09/1e/1031030311_0:176:3076:1915_1920x0_80_0_0_179f1e486e25b18c15dbc59f4fefb3e7.jpg
АҞӘА, цәыббра 17 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 445-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 109-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 28-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп ааҩык, ибжьаратәуп - 14-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 28-ҩык, урҭ рахьтә жәаҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 14-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 17-ҩык, урҭ рахьтә хәҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 11-ҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 67-ҩык апациентцәа, жәаҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.Аоперативтә штаб аҳәара ҟанаҵоит ауааԥсыра аҿкы рхы ацәырхьчаларц.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/09/1e/1031030311_0:79:3076:2012_1920x0_80_0_0_dde05ebbf4f31576a43c0a8280905cad.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, акоронавирус адунеи аҿы
аԥсны, ажәабжьқәа, акоронавирус адунеи аҿы
Шәкы инареиҳаны акоронавирустә хҭыс ҿыцқәа ашәҟәы иҭагалоуп Аԥсны
Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 26658-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 21909-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 397-ҩык.
АҞӘА, цәыббра 17 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 445-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 109-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 28-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп ааҩык, ибжьаратәуп - 14-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 28-ҩык, урҭ рахьтә жәаҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 14-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 17-ҩык, урҭ рахьтә хәҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 11-ҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 67-ҩык апациентцәа, жәаҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Аоперативтә штаб аҳәара ҟанаҵоит ауааԥсыра аҿкы рхы ацәырхьчаларц.