Цәыббра 19 рзы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь адепутатцәа ралхразы Аԥсны имҩаԥсит абжьыҭарақәа. Сынтәа Аԥсны иахьаҵанакуа абжьыҭаратә ҭыԥқәа жәба аартын.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә Думахь адепутатцәа ралхрахь ибжьы аиҭеит Аҟәатәи ахәбатәи абжьаратә школ аҟны иҟоу алхырҭатә ҭыԥ аҿы. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб ибжьы аиҭеит Гәдоуҭатәи аҩбатәи абжьаратә школ аҟны еиҿкаау алхратә ҭыԥ аҿы.

Абжьыҭара рхы аладырхәыр рылшон Аԥсны инхо, 18 шықәса зхыҵхьоу Урыстәыла атәылауаа, иара убасгьы абжьыҭара амш азы ара аамҭала иҟоу. Абжьыҭаразы ирымазар акәын аҩнуҵҟатәи ма аҳәаанырцәтәи урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы.
Аԥсны инхо уаанӡа Урыстәыла атәылауаа рзы абжьыҭаратә ҭыԥқәа еиҿыркаахьан 2011, 2016 шықәсқәа рызтәи алхрақәа раан. 2016 шықәсазы абжьыҭара рхы аладырхәит 20 000-ҩык ауааԥсыра, урҭ рҟынтәи 75% апартиа "Иаку Урыстәыла" азы рыбжьы рырҭеит.
2018 шықәсазы ареспубликаҿ имҩаԥысит Урыстәыла ахада иалхразы абжьыҭарақәа. Владимир Путин изы рыбжьы рҭиит 94,1% ма 39 427-ҩык.
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә дума - иахьа апарламент ҵаҟатәи апалата ҳәа ишьоуп. Афедерациа ахеилаки иареи иреиҳаӡоу азакәанԥҵаратә органны иҟоуп.