АҞӘА, цәыббра 19 - Sputnik, Бадри Есиава. Гал араион ахада Константин Ԥлиа Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа ихы рылаирхәит Гәдоуҭатәи алхырҭатә ҭыԥ аҿы. Абри атәы иара Sputnik иазеиҭеиҳәеит.
Ԥлиа иҳәеит уажәы аԥсшьарамшқәа шимоу, иқыҭа гәакьа Ҟәланырхәа дшыҟоу.
"Сџьатә ԥсшьарамшқәа раамҭазы сқыҭаҿ сыҟоуп. Уажәы анхамҩатә усқәа сырҿуп. Убри азы сыбжьы асҭеит Гәдоуҭа. Гал араионаҿ акәзар алхрақәа еиҿкаауп. Акультура ахан аҿы имҩаԥысуеит аныҳәатә ҟазшьа аманы", - ҳәа иҳәеит иара.
Константин Ԥлиа иҳәеит алхрақәа Аԥсни Урыстәылеи еиҳа реизааигәахара алдыршап, еиуеиԥшым азҵаарақәа рыӡбып ҳәа. Ҿырԥштәны иааигеит Ԥсоу аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысраҿ иҟоу ауадаҩрақәа.
"Ҳуааԥсыра аиҳараҩык ргәаанагара сҳәоит: ҳазыԥшуп аҳәаа ахысра апроблема ӡбахап ҳәа. Аҳәынҭқарратә Думахь акандидатцәа ҳанырԥылоз ари азҵаара ҳалацәажәеит, иазгәаҳҭеит ауаа шааԥсаз", - ҳәа иҳәеит иара.
Цәыббра 19 рзы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь адепутатцәа ралхразы Аԥсны иахьаҵанакуа абжьыҭаратә ҭыԥқәа жәба аартын.