https://sputnik-abkhazia.info/20210919/Gal-araion-akhada-ibzhy-aieit-Gdouati-alkhyrat-y-ay-1033239976.html
Гал араион ахада ибжьы аиҭеит Гәдоуҭатәи алхырҭатә ҭыԥ аҿы
Гал араион ахада ибжьы аиҭеит Гәдоуҭатәи алхырҭатә ҭыԥ аҿы
Sputnik Аҧсны
Цәыббра 19 асааҭ 20:00 рҟынӡа абжьыҭара рхы аладырхәыр рылшон Аԥсны инхо, 18 шықәса зхыҵхьоу Урыстәыла атәылауаа, иара убасгьы абжьыҭара амш азы ара аамҭала... 19.09.2021, Sputnik Аҧсны
2021-09-19T19:45+0300
2021-09-19T19:45+0300
2021-09-19T20:07+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/13/1033238819_0:0:2520:1424_1920x0_80_0_0_1e1754aee02458b4068079bbbe501049.jpg
АҞӘА, цәыббра 19 - Sputnik, Бадри Есиава. Гал араион ахада Константин Ԥлиа Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа ихы рылаирхәит Гәдоуҭатәи алхырҭатә ҭыԥ аҿы. Абри атәы иара Sputnik иазеиҭеиҳәеит.Ԥлиа иҳәеит уажәы аԥсшьарамшқәа шимоу, иқыҭа гәакьа Ҟәланырхәа дшыҟоу.Константин Ԥлиа иҳәеит алхрақәа Аԥсни Урыстәылеи еиҳа реизааигәахара алдыршап, еиуеиԥшым азҵаарақәа рыӡбып ҳәа. Ҿырԥштәны иааигеит Ԥсоу аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысраҿ иҟоу ауадаҩрақәа."Ҳуааԥсыра аиҳараҩык ргәаанагара сҳәоит: ҳазыԥшуп аҳәаа ахысра апроблема ӡбахап ҳәа. Аҳәынҭқарратә Думахь акандидатцәа ҳанырԥылоз ари азҵаара ҳалацәажәеит, иазгәаҳҭеит ауаа шааԥсаз", - ҳәа иҳәеит иара.Цәыббра 19 рзы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь адепутатцәа ралхразы Аԥсны иахьаҵанакуа абжьыҭаратә ҭыԥқәа жәба аартын.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/13/1033238819_0:0:2520:1584_1920x0_80_0_0_6f41006eae338b219448d0ff9a4f8a22.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Гал араион ахада ибжьы аиҭеит Гәдоуҭатәи алхырҭатә ҭыԥ аҿы
19:45 19.09.2021 (ирҿыцуп: 20:07 19.09.2021) Цәыббра 19 асааҭ 20:00 рҟынӡа абжьыҭара рхы аладырхәыр рылшон Аԥсны инхо, 18 шықәса зхыҵхьоу Урыстәыла атәылауаа, иара убасгьы абжьыҭара амш азы ара аамҭала иҟоу.
АҞӘА, цәыббра 19 - Sputnik, Бадри Есиава. Гал араион ахада Константин Ԥлиа Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа ихы рылаирхәит Гәдоуҭатәи алхырҭатә ҭыԥ аҿы. Абри атәы иара Sputnik иазеиҭеиҳәеит.
Ԥлиа иҳәеит уажәы аԥсшьарамшқәа шимоу, иқыҭа гәакьа Ҟәланырхәа дшыҟоу.
"Сџьатә ԥсшьарамшқәа раамҭазы сқыҭаҿ сыҟоуп. Уажәы анхамҩатә усқәа сырҿуп. Убри азы сыбжьы асҭеит Гәдоуҭа. Гал араионаҿ акәзар алхрақәа еиҿкаауп. Акультура ахан аҿы имҩаԥысуеит аныҳәатә ҟазшьа аманы", - ҳәа иҳәеит иара.
Константин Ԥлиа иҳәеит алхрақәа Аԥсни Урыстәылеи еиҳа реизааигәахара алдыршап, еиуеиԥшым азҵаарақәа рыӡбып ҳәа. Ҿырԥштәны иааигеит Ԥсоу аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысраҿ иҟоу ауадаҩрақәа.
"Ҳуааԥсыра аиҳараҩык ргәаанагара сҳәоит: ҳазыԥшуп аҳәаа ахысра апроблема ӡбахап ҳәа. Аҳәынҭқарратә Думахь акандидатцәа ҳанырԥылоз ари азҵаара ҳалацәажәеит, иазгәаҳҭеит ауаа шааԥсаз", - ҳәа иҳәеит иара.
Цәыббра 19 рзы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь адепутатцәа ралхразы Аԥсны иахьаҵанакуа абжьыҭаратә ҭыԥқәа жәба аартын.