Лиудмила Скорик COVID-19 Аԥсны алаҟәра иалагеит ҳәа лҳәеит

Аԥсны COVID-19 азы аҭагылазаашьеи иара ацәырҵра ҿыцқәа раԥырҟәҟәаареи дрылацәажәеит аԥыза-министр иԥылараан асанитартә ҳақьым хада.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 21 - Sputnik. Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик аԥыза-министр Александр Анқәаб изеиҭалҳәеит акоронавирус азы ареспубликаҿ аҭагылазаашьа зеиԥшроу. Абри атәы аанацҳауеит аиҳабыра рсаит.
Лара лажәақәа рыла, ачымазара арбага аҵыхәтәантәи аамҭазы илаҟәит (ԥхынгәымза иаҿырԥшны) 221 % рыла ҳәа.
Аԥсны ауааԥсыра мызкы аҩнуҵаҟа 2500-ҩык инреиҳаны алаҵа "Спутник Лайт" рыларҵахьеит
Аепидемиолог иазылыԥхьаӡоит уи алаҵаҟаҵареи аԥкыратә уснагӡатәқәеи ирыбзоуроуп ҳәа.
"Иахьа ачымазара маҷк илаҳашьҭит. Уи зыбзоуроу алаҵаҟаҵара, аԥкыратә уснагӡатәқәа, еиҳа ҭакԥхықәрала ахымҩаԥгара ауп", - лҳәеит Скорик.
Лара иазгәалҭеит асанитартә-епедемиологиатә маҵзура аусзуҩцәеи Агәабзиарахьчара аминистрреи  аҵарашықәс ианалага инаркны ахәыҷқәа ачымазара шрыдырбало.
20 мш рыҩнуҵҟа COVID-19 рыдбалоуп 246-ҩык ахәыҷқәа. Убри аан 2020 шықәса абри аамҭахҵәахаз 452-ҩык чмазцәан.
Асанитартә маҵзура агәҽанҵара ҟанаҵоит ҭагалан-аӡын аамҭақәа рзы асезонтә ОРВИ, ОРЗ ралаҵәараан COVID-19 аламырҵәарагьы ахылаԥшра еиҳа ишырӷәӷәатәу.
"Ҽаамҭанык еиԥшымкәа ауааԥсыра еилыркаароуп амассатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара аҽацәхьакра шаҭаху", - лҳәеит Лиудмила Скорик.
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Аԥсны авирус рыдырбалахьеит 26828-ҩык, ргәы бзиахеит 22034-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 405-ҩык.