https://sputnik-abkhazia.info/20210921/Liudmila-Skorik-COVID-19-Asny-alara-ialageit-a-leit-1033250101.html
Лиудмила Скорик COVID-19 Аԥсны алаҟәра иалагеит ҳәа лҳәеит
Лиудмила Скорик COVID-19 Аԥсны алаҟәра иалагеит ҳәа лҳәеит
Sputnik Аҧсны
Аԥсны COVID-19 азы аҭагылазаашьеи иара ацәырҵра ҿыцқәа раԥырҟәҟәаареи дрылацәажәеит аԥыза-министр иԥылараан асанитартә ҳақьым хада. 21.09.2021, Sputnik Аҧсны
2021-09-21T12:10+0300
2021-09-21T12:10+0300
2021-09-21T12:18+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/0f/1033210027_0:0:3073:1728_1920x0_80_0_0_4a16770604c64f54479cb266eb7cc6bb.jpg
АҞӘА, цәыббра 21 - Sputnik. Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик аԥыза-министр Александр Анқәаб изеиҭалҳәеит акоронавирус азы ареспубликаҿ аҭагылазаашьа зеиԥшроу. Абри атәы аанацҳауеит аиҳабыра рсаит.Лара лажәақәа рыла, ачымазара арбага аҵыхәтәантәи аамҭазы илаҟәит (ԥхынгәымза иаҿырԥшны) 221 % рыла ҳәа.Аепидемиолог иазылыԥхьаӡоит уи алаҵаҟаҵареи аԥкыратә уснагӡатәқәеи ирыбзоуроуп ҳәа."Иахьа ачымазара маҷк илаҳашьҭит. Уи зыбзоуроу алаҵаҟаҵара, аԥкыратә уснагӡатәқәа, еиҳа ҭакԥхықәрала ахымҩаԥгара ауп", - лҳәеит Скорик.Лара иазгәалҭеит асанитартә-епедемиологиатә маҵзура аусзуҩцәеи Агәабзиарахьчара аминистрреи аҵарашықәс ианалага инаркны ахәыҷқәа ачымазара шрыдырбало.20 мш рыҩнуҵҟа COVID-19 рыдбалоуп 246-ҩык ахәыҷқәа. Убри аан 2020 шықәса абри аамҭахҵәахаз 452-ҩык чмазцәан.Асанитартә маҵзура агәҽанҵара ҟанаҵоит ҭагалан-аӡын аамҭақәа рзы асезонтә ОРВИ, ОРЗ ралаҵәараан COVID-19 аламырҵәарагьы ахылаԥшра еиҳа ишырӷәӷәатәу."Ҽаамҭанык еиԥшымкәа ауааԥсыра еилыркаароуп амассатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара аҽацәхьакра шаҭаху", - лҳәеит Лиудмила Скорик.Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Аԥсны авирус рыдырбалахьеит 26828-ҩык, ргәы бзиахеит 22034-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 405-ҩык.
https://sputnik-abkhazia.info/20210911/Asny-auaasyra--myzky-anuaa-2500-yk-inreiany-alaa-Sputnik-Layt-rylarakheit-1033189735.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/0f/1033210027_0:0:2731:2048_1920x0_80_0_0_0e394b4b249856d5d09ef0e32a74dd1f.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Лиудмила Скорик COVID-19 Аԥсны алаҟәра иалагеит ҳәа лҳәеит
12:10 21.09.2021 (ирҿыцуп: 12:18 21.09.2021) Аԥсны COVID-19 азы аҭагылазаашьеи иара ацәырҵра ҿыцқәа раԥырҟәҟәаареи дрылацәажәеит аԥыза-министр иԥылараан асанитартә ҳақьым хада.
АҞӘА, цәыббра 21 - Sputnik. Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик аԥыза-министр Александр Анқәаб изеиҭалҳәеит акоронавирус азы ареспубликаҿ аҭагылазаашьа зеиԥшроу. Абри атәы
аанацҳауеит аиҳабыра рсаит.
Лара лажәақәа рыла, ачымазара арбага аҵыхәтәантәи аамҭазы илаҟәит (ԥхынгәымза иаҿырԥшны) 221 % рыла ҳәа.
Аепидемиолог иазылыԥхьаӡоит уи алаҵаҟаҵареи аԥкыратә уснагӡатәқәеи ирыбзоуроуп ҳәа.
"Иахьа ачымазара маҷк илаҳашьҭит. Уи зыбзоуроу алаҵаҟаҵара, аԥкыратә уснагӡатәқәа, еиҳа ҭакԥхықәрала ахымҩаԥгара ауп", - лҳәеит Скорик.
Лара иазгәалҭеит асанитартә-епедемиологиатә маҵзура аусзуҩцәеи Агәабзиарахьчара аминистрреи аҵарашықәс ианалага инаркны ахәыҷқәа ачымазара шрыдырбало.
20 мш рыҩнуҵҟа COVID-19 рыдбалоуп 246-ҩык ахәыҷқәа. Убри аан 2020 шықәса абри аамҭахҵәахаз 452-ҩык чмазцәан.
Асанитартә маҵзура агәҽанҵара ҟанаҵоит ҭагалан-аӡын аамҭақәа рзы асезонтә ОРВИ, ОРЗ ралаҵәараан COVID-19 аламырҵәарагьы ахылаԥшра еиҳа ишырӷәӷәатәу.
"Ҽаамҭанык еиԥшымкәа ауааԥсыра еилыркаароуп амассатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара аҽацәхьакра шаҭаху", - лҳәеит Лиудмила Скорик.
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Аԥсны авирус рыдырбалахьеит 26828-ҩык, ргәы бзиахеит 22034-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 405-ҩык.