Скорик Аԥсны араионқәа рҿы ПЦР-лабораториа ҿыцқәа русушьа атәы лҳәеит

Аԥсны Асанитар-епидемиологиатә станциа аҳақьым хада лажәақәа рыла, COVID-19 чымазара ареспубликаҿ 221% рыла илаҟәит ԥхынгәымза иаҿырԥшны.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 21 - Sputnik. Алабораториа ҿыцқәа Гагратәии Очамчыратәии араионқәа рҿы ирымоуп алшара 100 гәаҭарак мышкала амҩаԥгара ҳәа лҳәеит Аԥсны СЕС аҳақьым хада Лиудмила Скорик аԥыза-министр Александр Анқәаб иԥылараан цәыббра 20 рзы.
Лиудмила Скорик COVID-19 Аԥсны алаҟәра иалагеит ҳәа лҳәеит
Атәылауаа рыҭҵаара аҭак роур рылшоит абиоматериал анырга аҽныҵәҟьа ҳәа лҳәеит Скорик.
Араионтә лабораториақәа ахьаарту Аҟәатәи ареспубликатә санитар-бактериологиатә лабораториа русура еиҳа идырмариеит. Абри аус аҿы ацхыраара ҟанаҵоит амобилтә госпитальгьы, ара аус ауеит алабораториа ПЦР-ҭҵаарақәа рымҩаԥгаразы.
ПЦР-лабораториазы Гагра араион ахадара ахәышәтәырҭа хадаҿы аремонт ҟарҵеит. Иаразы амаругақәа аахәан ареспубликатә биуџьет аҟынтәи. Иара убас аремонт еиҿкаан Очамчыратәи алабораториагьы.
Иахьазы Аԥсны бжьаратәла 350-500 тест мҩаԥыргоит акоронавирус ашьақәыргыларазы.