АҞӘА, цәыббра 22 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа ахьымҩаԥыргаз иақәыӡбны иҟанаҵаз аҳәамҭа аԥсуа ҳәынҭқарра аҩнуҵҟатәи аусқәа аҽрылагалароуп иаанаго ҳәа ахнаҳәааит.
Цәыббра 21 азы Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны аҵакыраҿы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа ахьымҩаԥыргаз иақәыӡбны аҳәамҭа аланарҵәеит. Аҳәамҭаҟны иазгәаҭоуп асеиԥш алхрақәа рымҩаԥгара Қырҭтәыла асуверенитети аҵакыратә акзаареи еиланагоит ҳәа ишаԥхьаӡо.
"Урыстәыла азакәанԥҵаратә мчрахьы алхрақәа Аԥсны инхо ауааԥсыра Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра змоу ма иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа, мамзаргьы аамҭала Аԥсны иҟоу Урыстәыла атәылауаа ирзинуп. Арҭ атәылауаа ркатегориақәа алхразы рзинқәа жәларбжьаратә-зинтә нормақәа еиларгом, ООН Аԥҟаԥҵәагьы иаҿагылом" ҳәаа ҳәоит адырраҭараҿы.
Аминистрраҿы иазгәарҭоит Аԥсни Урыстәылеи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа шрыбжьоу аиқәшаҳаҭра-зинтә нормақәа шьаҭас иҟаҵаны, убри аан жәларбжьаратәи аҭакԥхықәрақәа ишрықәныҟәо, арҭ аизыҟазаашьақәа Қырҭтәыла аинтересқәа ишырԥырхагам.
"Қырҭтәыла амчрақәа иаҟәыҵыр рыхәҭоуп "аҵакырадгьылтә акзаара" азы имҩаԥырго аилахәаахәҭрақәа. Ҳақәгәыӷуеит Қарҭ иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьақәа рыдыркылап ҳәа, иҟоу шыҟоу еилыркаап ҳәа", - азгәаҭоуп аусбарҭа аҳәамҭаҿы.
Урыстәыла Аҳәынҭқарартә Думахь алхрақәа Аԥсны имҩаԥысит цәыббра 19 азы. Ареспублика аҵакыраҿы иаартын алхырҭатә ҭыԥқәа жәба. Алхрақәа рахь инеиит 14549-ҩык ауааԥсыра.