Аҟәа аҭак анаҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа ирықәыӡбаз Қырҭтәыла ААР аҳәамҭа

© Foto / Министерство Иностранных дел Республики АБХАЗИЯМИД Абхазии
МИД Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.09.2021
Анапаҵаҩра
Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа ахьымҩаԥыргаз ирықәыӡбны.
АҞӘА, цәыббра 22 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа ахьымҩаԥыргаз иақәыӡбны иҟанаҵаз аҳәамҭа аԥсуа ҳәынҭқарра аҩнуҵҟатәи аусқәа аҽрылагалароуп иаанаго ҳәа ахнаҳәааит.
Цәыббра 21 азы Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны аҵакыраҿы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа ахьымҩаԥыргаз иақәыӡбны аҳәамҭа аланарҵәеит. Аҳәамҭаҟны иазгәаҭоуп асеиԥш алхрақәа рымҩаԥгара Қырҭтәыла асуверенитети аҵакыратә акзаареи еиланагоит ҳәа ишаԥхьаӡо.
В Абхазии началось голосование на выборах в Госдуму России - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2021
Аԥсны имҩаԥысуаз алхрақәа раан "Иаку Урыстәыла" аиааира агеит
"Урыстәыла азакәанԥҵаратә мчрахьы алхрақәа Аԥсны инхо ауааԥсыра Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра змоу ма иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа, мамзаргьы аамҭала Аԥсны иҟоу Урыстәыла атәылауаа ирзинуп. Арҭ атәылауаа ркатегориақәа алхразы рзинқәа жәларбжьаратә-зинтә нормақәа еиларгом, ООН Аԥҟаԥҵәагьы иаҿагылом" ҳәаа ҳәоит адырраҭараҿы.
Аминистрраҿы иазгәарҭоит Аԥсни Урыстәылеи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа шрыбжьоу аиқәшаҳаҭра-зинтә нормақәа шьаҭас иҟаҵаны, убри аан жәларбжьаратәи аҭакԥхықәрақәа ишрықәныҟәо, арҭ аизыҟазаашьақәа Қырҭтәыла аинтересқәа ишырԥырхагам.
"Қырҭтәыла амчрақәа иаҟәыҵыр рыхәҭоуп "аҵакырадгьылтә акзаара" азы имҩаԥырго аилахәаахәҭрақәа. Ҳақәгәыӷуеит Қарҭ иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьақәа рыдыркылап ҳәа, иҟоу шыҟоу еилыркаап ҳәа", - азгәаҭоуп аусбарҭа аҳәамҭаҿы.
Урыстәыла Аҳәынҭқарартә Думахь алхрақәа Аԥсны имҩаԥысит цәыббра 19 азы. Ареспублика аҵакыраҿы иаартын алхырҭатә ҭыԥқәа жәба. Алхрақәа рахь инеиит 14549-ҩык ауааԥсыра.
Ажәабжьқәа зегьы
0