АҞӘА, цәыббра 22 - Sputnik. Ареспубликатә аԥсихиатриатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа налыгӡалоит Ирина Ануаԥҳа. Анапхгаҩ ҿыц аколлектив дрыдигалеит Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба. Абри атәы аанацҳауеит амаҵзура Аԥсныпресс.
Едуард Быҭәба иазгәеиҭеит амедусҳәарҭа аминистрраҟынтә иахәҭоу ацхыраара шаиуа.
"Ибзианы еилыскаауеит акадырқәа, ахьчаразы апроблемақәа шыҟоу. Иӡбатәуп ахәшәтәырҭа иаакәыршаны игылоу аҵлақәа рызҵаара. Дара аԥшасрақәа раан икаҳар ҟалоит, ажәакала ирацәаӡоуп иӡбтәны иҟоу азҵаарақәа", - иҳәеит иара.
Иара иҳәеит мышкала урҭ зегьы шузымыӡбо.
"Апациентцәа рыфатә аахәараз иҟаз апроблема аҭыԥ иқәҵоуп, ауалқәа шәоуп. Ҳалшарақәа еихыԥсаҟьаны апроблемақәа ҳаӡбуеит", - иҳәеит иара.
Ахәшәтәырҭа уаанӡатәи ахада Георги Кәартаа аколлектив русура ҭабуп ахиҳәааит.
Иахьазы 130 пациент ахәшәтәырҭа иҭоуп. Ирина Ануаԥҳа уаанӡа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.