Аԥсихиатриатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада даҭоуп

© Foto / АПСНЫПРЕСС Ануа Ирина
Ануа Ирина - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.09.2021
Анапаҵаҩра
Уаанӡа ари амедусбарҭа аҳақьым хадас дыҟан Георги Кәартаа, зхатәгәаԥхарала ари аҭыԥ нзыжьыз.
АҞӘА, цәыббра 22 - Sputnik. Ареспубликатә аԥсихиатриатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа налыгӡалоит Ирина Ануаԥҳа. Анапхгаҩ ҿыц аколлектив дрыдигалеит Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба. Абри атәы аанацҳауеит амаҵзура Аԥсныпресс.
Минздрав Абхазии получил две машины скорой помощи в дар от Чеченской Республики.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.09.2021
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра ацхыраара ласы амашьынқәа ҩба аиуит Чечентәылантәи
Едуард Быҭәба иазгәеиҭеит амедусҳәарҭа аминистрраҟынтә иахәҭоу ацхыраара шаиуа.
"Ибзианы еилыскаауеит акадырқәа, ахьчаразы апроблемақәа шыҟоу. Иӡбатәуп ахәшәтәырҭа иаакәыршаны игылоу аҵлақәа рызҵаара. Дара аԥшасрақәа раан икаҳар ҟалоит, ажәакала ирацәаӡоуп иӡбтәны иҟоу азҵаарақәа", - иҳәеит иара.
Иара иҳәеит мышкала урҭ зегьы шузымыӡбо.
"Апациентцәа рыфатә аахәараз иҟаз апроблема аҭыԥ иқәҵоуп, ауалқәа шәоуп. Ҳалшарақәа еихыԥсаҟьаны апроблемақәа ҳаӡбуеит", - иҳәеит иара.
Ахәшәтәырҭа уаанӡатәи ахада Георги Кәартаа аколлектив русура ҭабуп ахиҳәааит.
Иахьазы 130 пациент ахәшәтәырҭа иҭоуп. Ирина Ануаԥҳа уаанӡа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.
Ажәабжьқәа зегьы
0