АҞӘА, цәыббра 25 – Sputnik. Асоциалтә ҳақәа рҿы ирыладырҵәо Аԥсны ахәыҷқәа хыԥхьаӡара рацәала акоронавирустә ҿкы рыхьуеит ҳәа ирҳәо аиаша иацәыхароуп иҳәеит есымчыбжьатәи иинтервиу аҿы Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
"Иахьа (цәыббра 24 - азгә.) сара сиацәажәон Ахәыҷтәы республикатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада, уахыки-ҽнаки рыла быжьҩык иреиҳамкәа ахәышәтәырҭаҿы инеины рҽырхәышәтәуеит. Уи акырынтә еиҵоуп ԥхынгәи нанҳәеи рзы иҟаз аҭагылазаашьа аҵкыс", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп 172-ҩык акоронавирус зыхьуа ачымазцәа. Урҭ рахьтә 67-ҩык шьҭоуп Аҟәа иаарту Урыстәылатәи хырхарҭарацәалатәи агоспиталь аҟны.