Агәабзиарахьчара аминистр COVID-19 ахәыҷқәа ирацәаҩны ирыхьит ҳәа ирҳәо аҿаԥиҽит

© Sputnik / Марианна КубраваМинистерство здравоохранения
Министерство здравоохранения  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2021
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп 172-ҩык акоронавирус зыхьуа ачымазцәа.
АҞӘА, цәыббра 25 – Sputnik. Асоциалтә ҳақәа рҿы ирыладырҵәо Аԥсны ахәыҷқәа хыԥхьаӡара рацәала акоронавирустә ҿкы рыхьуеит ҳәа ирҳәо аиаша иацәыхароуп иҳәеит есымчыбжьатәи иинтервиу аҿы Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
"Иахьа (цәыббра 24 - азгә.) сара сиацәажәон Ахәыҷтәы республикатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада, уахыки-ҽнаки рыла быжьҩык иреиҳамкәа ахәышәтәырҭаҿы инеины рҽырхәышәтәуеит. Уи акырынтә еиҵоуп ԥхынгәи нанҳәеи рзы иҟаз аҭагылазаашьа аҵкыс", - ҳәа азгәеиҭеит иара. 
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп 172-ҩык акоронавирус зыхьуа ачымазцәа. Урҭ рахьтә 67-ҩык шьҭоуп Аҟәа иаарту Урыстәылатәи хырхарҭарацәалатәи агоспиталь аҟны. 
Ажәабжьқәа зегьы
0