АҞӘА, цәыббра 26 - Sputnik. Еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, аиҭагаҩ, апублицист, апародист Платон Бебиа иԥсҭазаара далҵит 86 шықәса дшырҭагылаз. Абри атәы ааицҳауеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу.
Платон Бебиа диит октиабр 5, 1935 шықәсазы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Раҧхьа аҵара иҵон Џьгьардатәи аа-шықәсатәи ашкол аҟны, ашьҭахь диасуеит Кәтолтәи аа-шықәсатәи ашкол ахь. Уи даналга, абжьаратә ҵара хиркәшеит Тамшьтәи ашкол аҟны. 1959 шықәсазы далгеит А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт. Анаҩс иҵара иациҵон Москватәи Алитературатә институт аҟны, қәҿиаралагьы далгоит 1968 шықәсазы.
Платон Бебиа аус иуан агазеҭ "Аҧсны ҟаҧшь", ажурнал "Амцабз" аредакциақәа рҟны. Акыр шықәса ашәҟәҭыжьырҭа "Алашара" аҟны редакторс дыҟан, анаҩс - аиҳабы ихаҭыҧуаҩс, редактор хадас, ашәҟәҭыжьырҭа аиҳабыс.
Акьыҧхь ахь дцәырҵит 1952 шықәса инаркны. Иҩымҭақәа рнылон еиуеиҧшым аколлективтә еизгақәа, ажурналқәа "Алашара", "Амцабз", "Звезда", "Наш современник", "Молодая гвардия"; агазеҭқәа "Аԥсны ҟаԥшь", "Аԥсны", "Бзыԥ", "Еҵәаџьаа", "Советская Абхазия", "Литературная газета", "Литературная Абхазия", алитературатә еизга "Ерцахә" уҳәа егьырҭгьы.
Авторс дрымоуп хыҧхьаӡара рацәала ажәеинраалақәа, абалладақәа, апоемақәа, ажәабжьқәа, иара убас ароманқәа "Ашьацҳәа", "Ақьачақьцәа". Апоет иажәеинраалақәа жәпакы агәылоуп "Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә." Ҩажәихәба инареиҳаны ажәеинраалақәа, абалладақәа, апоемақәа, ажәабжьқәа реизгақәеи ароманқәеи ҭижьхьеит. Иҩымҭақәа еиҭагоуп аурыс, аукраин, аерман уҳәа егьырҭ абызшәақәа рахь.
Платон Бебиа дырдыруеит еиҭагаҩык иаҳасабалагьы, аҧсшәахь еиҭеигеит А.С. Пушкин, Р. Биорнс, С.А. Есенин, Г. Лорка, Н. Ҳиқьмеҭ, Л. Украинка, С.В. Михалков, Е.А. Евтушенко, Б.М. Пачев, Б.Г. Кагермазов, Ҟ. Ш. Кулиев, Ш.С. Акобиа, Џь. Ҟ. Лаҩыцә ражәеинраалақәа, Ч.Т. Аитматов иажәабжьқәа "Аиқәшәара", "Аибашьҩы иҧа" уҳәа егьырҭгьы.
Платон Бебиа 35 шәҟәы дравторуп.