Аиааира Амш аламҭалаз Гәдоуҭа имҩаԥысуеит ахыцуаа ртурнир

Аклуб "Афырхы" алахәылацәа ахыци ахәымпали рыла рхысразы аиндаҭлара мҩаԥысуеит аетнопарк "Аԥсны" аҿы Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа аҳаҭыр азы.
Sputnik
ГӘДОУҬА, цәыббра 28 - Sputnik, Бадри Есиава. Аклуб "Афырхы" алахәылацәа ахыци ахәымпали рыла рхысразы аиндаҭлара мҩаԥысуеит аетнопарк "Аԥсны" аҿы цәыббра 29 рзы.
Арадио
Какоба "Афырхы" ахыцуаа реицлабразы: аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара иазкуп
Аклуб "Афырхы" анапхгаҩы Адгур Какоба иажәақәа рыла аиндаҭлара иалахәуп 20-ҩык рҟынӡа ахыцуаа. Аиҿкааҩцәа аиндаҭлара иаладырхәит аклуб иаҵанамкуагьы, аха урҭ аԥхьахәқәа раҭәашьахом.
"Ҳаклуб аԥҵан хәышықәса раԥхьа. Есышықәса имҩаԥаагоит аицлабрақәа. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара иазаҳкуеит: нанҳәа 14 азы ԥшьынтәуп имҩаԥаагоижьҭеи Аԥсны Афырхаҵа Валери Делба изку аиндаҭларақәа. Иахьатәи аиндаҭлара Аиааира Амш иазаҳкуеит", - иҳәеит иара.
Какоба иазгәеиҭеит аицлабраҿы ишазыԥхьагәаҭо адисциплинақәа ԥшьба.
Аҳәса-лахәылацәа рзы иҷыдоу адисциплина алагалоуп – ацәҟьаҟынтә 30 метра бжьаны ахысра.
Абаллқәа рыла аихшьаалақәа ҟарҵоит ажиури аклуб "Афырхы" алахәылацәа хҩык.