Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Какоба "Афырхы" ахыцуаа реицлабразы: аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара иазкуп

© SputnikАдгур Какоба
Адгур Какоба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аклуб "Афырхы" алахәыла Адгәыр Какоба еиҭеиҳәеит Гәыма имҩаԥырго аицлабрақәа хықәкыс ирымоу. Аԥсны афырхаҵа Валери Делба игәалашәара иазкны Гәыма ақыҭан имҩаԥган аицлабра. Уи рхы аладырхәит аԥсуа маҭәала еилаҳәаз 10-ҩык ахысыҩцәа.
Какоба "Афырхы" аицлабрақәа рзы: аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара иазкуп

Аԥсны афырхаҵа Валери Делба дҭахеит ԥхынгәы 15, 1993 шықәсазы. Иара ихьӡала аицлабра мҩаԥган дахьҭахаз аҭыԥ аҟны Гәыма.

"Ҳҩыза Валери Делба дхысҩын, дгәымшәан. Ҳара хықәкыс иҳамоуп зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз рыхьӡ акамыршәра, убри аҟынтә данҭахаз амш аҽны есышықәса атурнир мҩаԥаагалар ҳҭахуп. Аклуб иалахәу рнаҩсгьы ахыци ахәымпали зку зегьы азин рымоуп рҟазара аадырԥшырц. Валери Делба ихьӡала иҳамоуп еиҭаҵуа ахраҿа. Убасгьы актәи, аҩбатәи, ахԥатәи аҭыԥқәа зго рзы аҳамҭақәа. Сынтәа ҩышықәсоуп аицлабра мҩаԥаагоижьҭеи, иалахәхогьы рхыԥхьаӡара иацлоит", - иҳәеит Какоба.

2015 шықәса раахыижьҭеи еиҿкааны иҟоуп ахыци ахәымпали рхысыҩцәа рклуб "Афырхы".

Адгәыр Какоба: ахыцуаҩхара зҭаху рацәаҩуп

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0