Хашҭа ақыҭа уаанӡатәи ахада иҿы иқәшаҳаҭхеит

Уаанӡатәи ақыҭа ахада ихарарҵоит атәым мазара атәтәра имаҵзуратә ҭагылазаашьа ахархәарала.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 29 - Sputnik. Цәыббра 27 рзы Гал араион апрокуратура аусзуҩцәа дааныркылеит Хашҭа ақыҭа уаанӡатәи ахада Беслан Туркиа ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
Хашҭа ақыҭа уаанӡатәи ахада атәым мазара ахьитәитәыз азы ахара идҵоуп
Туркиа 660 147 нызқь мааҭ итәитәит имаҵзуратә лшара ихы иархәаны ҳәа ахара ихарарҵоит.
Иааныркылаз Туркиа иҿы иқәшаҳаҭхеит иумҭазы.
Хашҭа ақыҭа уаанӡатәи ахада атәым мазара ахьитәитәыз азы ахара ихараҵаны 12 шықәса ихақәиҭра далхәыдартәыр ҟалоит.
Аусҭҵаара аан Гал араион апрокуратура иара убасгьы, Хашҭа ақыҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Џьамбул Гамисониеи абригада №1 абригадир Рамаз Гиделиеи рганахь алагьы ҩ-уск хацнаркит амаҵзуратә ҭагылазаашьа ахархәаразы.