Хашҭа ақыҭа уаанӡатәи ахада атәым мазара ахьитәитәыз азы ахара идҵоуп

© Sputnik Томас Тхайцук Наручники
Наручники  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.09.2021
Анапаҵаҩра
Хашҭа ақыҭа уаанӡатәи ахада атәым мазара ахьитәитәыз азы ахара ихараҵаны 12 шықәса ихақәиҭра далхәыдартәыр ҟалоит.
АҞӘА, цәыббра 23 - Sputnik. Хашҭа ақыҭа уаанӡатәи ахада Беслан Туркиа иганахь ала ашьаус хацыркуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада.
Туркиа имаҵура ихы иархәаны  атәым мазара ахьитәитәыз азы  ахара ихараҵоуп.
Аусӡбара адыррақәа рыла 2020 шықәса цәыббра 1 инаркны 2020 шықәса ԥхынҷкәын  31 аҟынӡа ақыҭауаа адгьыл азы ашәахтә рылигон. Иааидкыланы ирылигеит 1 823 350 мааҭ.
Имаҵура ихы иархәаны Гал араион аҿы ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аҟәша аԥараԥхьаӡамҭахь инеишьҭит 1 163 203 мааҭ. Убри аан итәитәит 660 147 мааҭ.
Фышықәса инаркны жәаҩа шықәсанӡа имазара имхны харадҵараны ирыдыркылар алшоит.
Аусҭҵаара аан Гал араион апрокуратура иара убасгьы, Хашҭа ақыҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Џьамбул Гамисониеи абригада №1 абригадир Рамаз Гиделиеи рганахь алагьы ҩ-уск хацнаркит  амаҵзуратә ҭагылазаашьа ахархәаразы.
Ажәабжьқәа зегьы
0