Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхадацәа Владислав Арӡынба ибаҟаҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба анышә дамадоуп иқыҭа гәакьа Алада Ешыра.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 30 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилови ашәҭқәа шьҭарҵеит Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ибаҟа аҿаԥхьа Алада Ешыра ақыҭан.
Цәыббра 30 1993 шықәса рзы Аԥсны Арбџьармчқәа Егры аӡиас иаԥну Қырҭтәылеи ҳареи иҳабжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаахь инеины ҳҳәынҭқарратә бираҟ ахадыргылеит, уи алагьы 413 мши ҵхи ицоз аџьынџьтәылатә еибашьра хыркәшан.
Аслан Бжьаниеи Анатоли Бибилови Ахьӡ-аԥша Апарк аҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит
Аԥшьаша Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҟны ашәҭшьҭаҵара ацеремониақәа мҩаԥысуеит, агәалашәаратә митингқәа еиҿыркаауеит, ашҭақәа рҟын аибашьра иалиааз ашәақәа адырҳәоит. Аусмҩаԥгатәқәа зегьы мҩаԥыргоит аковид аламырҵәаразы аԥҟарақәа ирықәныҟәаны.  
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Варлам Нанба 1993 шықәса цәыббра 30 даԥылеит Егры аҳәааҿы. Иара еиҭеиҳәеит аибашьра иара изы ишалагаз. 
"Аибашьра аԥхьа сара Урыстәыла сынхон. Аибашьра ианалага, Аԥсныҟа схынҳәит, инҵәаанӡагьы ара сыҟан. Иахьа иагьгәырӷьароуп, иагьлахьеиқәҵагоу мшуп, избанзар ҳабла ихгылоуп иҳацәҭахаз ҳаҷкәынцәа, ҳгәы ԥшаауеит урҭ анаҳгәалашәо. Аԥсны иқәынхо зегьы ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, аизҳазыӷьара, аиҿагыларақәа еиҵахааит, аилибакаара еиҳахааит. Сара 1993 шықәса цәыббра 30 саԥылеит Егры аҳәааҿы, уа ҳара ирацәаны ҳхысуан, аибашьра шынҵәаз, Аиааира шаагаз аарԥшуа. Уахыки-ҽнаки уа ҳаҟан, нас Аҟәаҟа ҳхынҳәит", - игәалаиршәеит аветеран.
Сынтәа Ахақәиҭреи Ахьыԥшымреи Рымш азы Аԥсныҟа иааит Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов зхадараҿы дыҟоу аделегациа. Ари ҩынтәуп Бибилов Аԥсныҟа даауеижьҭеи, раԥхьаӡа акәны иара ҳтәыла даҭааит 2017 шықәса ԥхынгәымзазы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш аҳаҭыр азы аруаа Аҟәа имҩасит
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхадацәа инеиҵыху реиԥылара мҩаԥысит Аҟәа