https://sputnik-abkhazia.info/20210930/Asny-Aiaairei-Akhyshymrei-Rymsh-aayr-azy-aruaa-Aa-imasit-1033313641.html
Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш аҳаҭыр азы аруаа Аҟәа имҩасит
Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш аҳаҭыр азы аруаа Аҟәа имҩасит
Sputnik Аҧсны
Цәыббра 30 1993 шықәса рзы Аԥсны Арбџьармчқәа Егры аӡиас иаԥну Қырҭтәылеи ҳареи иҳабжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаахь инеины ҳҳәынҭқарратә бираҟ ахадыргылеит, уи... 30.09.2021, Sputnik Аҧсны
2021-09-30T13:10+0300
2021-09-30T13:10+0300
2021-09-30T13:17+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/1e/1033313465_0:90:2600:1561_1920x0_80_0_0_69134e9c52e9f04b8dafbf67da669c8e.jpg
АҞӘА, цәыббра 30 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш 28 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Аҟәа Ахьӡ-аԥша амемориал аҿаԥхьа агәырӷьаратә арратә мҩасра мҩаԥыргеит аԥшьаша цәыббра 30 рзы.Арратә оркестр ианарҳәоз амузыка ршьаҿа ақәыршәаны имҩасит 500-ҩык аруаа - Аԥсны Атәылахьчара аминистрра, Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиԥшдҵаҟаҵаратә ҵараиурҭа, урыстәылатәи абыжьбатәи арратә база, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа иртәу аруаа.Ари агәырӷьаратә мшы азгәаҭаразы Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы еизеит аибашьра аветеранцәа, Аԥсны анҭыҵтәиқәагьы убрахь иналаҵаны. Урҭ рыбжьара дыҟоуп хатәгәаԥхарала Адыгеиатәи Ареспубликаҟынтә иааны еибашьуаз Шамсудин Гунажоков."Аибашьраан досу ишилшоз еиԥш Аԥсны дацхраауан, аҿар аӡәырҩы зыхнымҳәит аибашьра адәаҟынтәи. Зыԥсы ҭаны иаанхаз зегьы ақәра ду нырҵааит, ари аџьанаҭ дгьыл рыхьчалааит", - иҳәеит аветеран.Цәыббра 30 1993 шықәса рзы Аԥсны Арбџьармчқәа Егры аӡиас иаԥну Қырҭтәылеи ҳареи иҳабжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаахь инеины ҳҳәынҭқарратә бираҟ ахадыргылеит, уи алагьы 413 мши ҵхи ицоз аџьынџьтәылатә еибашьра хыркәшан.Уинахыс Аԥсны Қырҭтәыла амч ахнаҳәеит, ахы иақәиҭхеит, Қырҭтәыла аиурисдикциа азхазымҵо ахатәы напхгара шьақәнаргылеит.Сынтәа Ахақәиҭреи Ахьыԥшымреи Рымш азы Аԥсныҟа иааит Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов зхадараҿы дыҟоу аделегациа.Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:Цәыббра 30 - Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшҲашба: ҳаззеибашьуаз, аԥсуа ҳәынҭқарра шьақәгыларцаз, ҳажәлар мыӡырц азы акәынАибашьҩы Берзениа: аӡә ида ҳаанымхаргьы, ҳаԥсадгьыл ҳара ишаҳтәу инхар акәын
https://sputnik-abkhazia.info/20210930/Aslan-Bzhaniei-Anatoli-Bibilovi-Akh-asha-Apark-any-ashshyraa-shareit-1033312787.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/1e/1033313465_0:8:2600:1643_1920x0_80_0_0_8c0e258ec8170a819f7e6814fe0c24d8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш аҳаҭыр азы аруаа Аҟәа имҩасит
13:10 30.09.2021 (ирҿыцуп: 13:17 30.09.2021) Цәыббра 30 1993 шықәса рзы Аԥсны Арбџьармчқәа Егры аӡиас иаԥну Қырҭтәылеи ҳареи иҳабжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаахь инеины ҳҳәынҭқарратә бираҟ ахадыргылеит, уи алагьы 413 мши ҵхи ицоз аџьынџьтәылатә еибашьра хыркәшан.
АҞӘА, цәыббра 30 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш 28 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Аҟәа Ахьӡ-аԥша амемориал аҿаԥхьа агәырӷьаратә арратә мҩасра мҩаԥыргеит аԥшьаша цәыббра 30 рзы.
Арратә оркестр ианарҳәоз амузыка ршьаҿа ақәыршәаны имҩасит 500-ҩык аруаа - Аԥсны Атәылахьчара аминистрра, Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиԥшдҵаҟаҵаратә ҵараиурҭа, урыстәылатәи абыжьбатәи арратә база, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа иртәу аруаа.

Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш аҳаҭыр азы аруаа Аҟәа имҩасит

Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш аҳаҭыр азы аруаа Аҟәа имҩасит
Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш аҳаҭыр азы аруаа Аҟәа имҩасит
Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш аҳаҭыр азы аруаа Аҟәа имҩасит
Ари агәырӷьаратә мшы азгәаҭаразы Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы еизеит аибашьра аветеранцәа, Аԥсны анҭыҵтәиқәагьы убрахь иналаҵаны. Урҭ рыбжьара дыҟоуп хатәгәаԥхарала Адыгеиатәи Ареспубликаҟынтә иааны еибашьуаз Шамсудин Гунажоков.
"Аибашьраан досу ишилшоз еиԥш Аԥсны дацхраауан, аҿар аӡәырҩы зыхнымҳәит аибашьра адәаҟынтәи. Зыԥсы ҭаны иаанхаз зегьы ақәра ду нырҵааит, ари аџьанаҭ дгьыл рыхьчалааит", - иҳәеит аветеран.
Цәыббра 30 1993 шықәса рзы Аԥсны Арбџьармчқәа Егры аӡиас иаԥну Қырҭтәылеи ҳареи иҳабжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаахь инеины ҳҳәынҭқарратә бираҟ ахадыргылеит, уи алагьы 413 мши ҵхи ицоз аџьынџьтәылатә еибашьра хыркәшан.
Уинахыс Аԥсны Қырҭтәыла амч ахнаҳәеит, ахы иақәиҭхеит, Қырҭтәыла аиурисдикциа азхазымҵо ахатәы напхгара шьақәнаргылеит.
Сынтәа Ахақәиҭреи Ахьыԥшымреи Рымш азы Аԥсныҟа иааит Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов зхадараҿы дыҟоу аделегациа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: