Аԥсны ААР: Жәлар Реизара адепутат Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы ахысра далагеит

Аԥсны Жәлар Реизара адепутат дызлахәыз аимак ҟалеит Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы, цәыббра 30 рзы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Гарри Кокаиа амшын аԥшаҳәаҿы тапанчала хәынтә ажәҩанахь дхысит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Адепутат дызлахәыз ахҭыс ҟалеит цәыббра 30, асааҭ 22:15 рзы, Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы иҟоу ақьафурҭа "Rinna" азааигәара. 
Ахы ҭырҟьан 9, 19 зкалибр иҟаз "Glock" асистема иатәу атапанча ала.
Пистолета конструкции «Glock» калибра 9х19мм
Аԥсны ААР апресс-маҵзура ишаҩуа ала, Кокаиа ажәҩан ахь дхысуан "иумҭа ашәарҭара шаҵыз дырны, аҵакыра ауаажәларратә ҭыԥны ишыҟоу хьаас имкыкәа, ацәгьоура хықәкыс иманы, ауаажәларратә ҭынчра еилеиганы" ҳәа. 
Аԥсны ААР аусзуҩцәа рганахьала Кокаиа имч ихы иаирхәит, абџьар рыҭара мап ацәикит. Уи ашьҭахь адепутати амилициа аусзуҩцәеи рыбжьара аимак ҟалеит. Ԥыҭрак ашьҭахь Кокаиа аҭыӡшәа ахьыҟалаз аҭыԥ аҟынтәи иҽиӡеит.
Ақьафурҭа "Rinna" акәша-мыкәша агәаҭараан иԥшаан иҭырҟьаз аџьазцәақәа хәба, Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы, Коӷониа амҩаду аҟны иԥшаан 9, 19 калибр иҟаз "Glock" асистема иатәу атапанча.
Аԥсны ААР адыррақәа рыла, хәажәкыра 5 2020 шықәсазы Жәлар Реизара адепутат Гарри Кокаиа ихьӡала иҭаҩын "Glock" асистема иатәу атапанча.