АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Урыстәыла COVID-19 аԥырҟәҟәааразы еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла Аԥсны ацхыраара шанаҭалац ианаҭалоит ҳәа абрифинг аҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аинформациеи акьыԥхьи рдепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Алексеи Заицев.
"Ҳара ҳаԥхьаҟагьы ҳгәы иҭоуп ҳаиашьаратә республикеи ҳареи агәабзиарахьчара аусхкаҟны ҳусеицура ацҵара", - иҳәеит Заицев.
Адипломат иазгәеиҭеит Аԥсны акоронавирус аламырҵәара аус аҟны алагала ду шыҟанаҵо Аҟәа иаарту Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь. Уи адагьы, нанҳәа 19 инаркны цәыббра 24 рҟынӡа Амшынеиқәатәи афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара иазку архәҭа ареспубликаҿы арзҩыдаратә усмҩаԥгатәқәа шынанагӡаз.
Агоспиталь иара убас Аԥсны аус аухьан 2020 шықәса рзы жьҭаарамза инаркны хәажәкырамзанӡа, уи аҩнуҵҟа ирхәышәтәит, абжьагарақәагьы рырҭеит 3,7 нызқьҩык ауааԥсыра. 18 нызқь ҭҵаара рҟынӡа мҩаԥнагеит.
Заицев иазгәеиҭеит Урыстәыла лассы-лассы Аԥсныҟа ишынанашьҭуа акоронавирус аҟынтә алаҵа, атест-системақәа, еиуеиԥшым амедицинатә маругақәа, урыстәылатәи аспециалистцәа-аҳақьымцәа раԥсуа коллегацәа апрактикатәи, аметодикатәи, абжьгаратәи цхыраара шырзыҟарҵо.