https://sputnik-abkhazia.info/20211001/Urystyla-COVID-19-ayraarazy-Asny-atskhyraara-shanaalats-ianaaloit-1033318239.html
Урыстәыла COVID-19 аԥырҟәҟәааразы Аԥсны ацхыраара шанаҭалац ианаҭалоит
Урыстәыла COVID-19 аԥырҟәҟәааразы Аԥсны ацхыраара шанаҭалац ианаҭалоит
Sputnik Аҧсны
Цәыббра 29 рызтәи аҭагылазаашьала Аԥсны акоронавирус здырбалахьоу 27775-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 22680-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 417-ҩык. 01.10.2021, Sputnik Аҧсны
2021-10-01T09:27+0300
2021-10-01T09:27+0300
2021-10-01T09:27+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/19/1032903993_0:179:3210:1995_1920x0_80_0_0_e815ec622d77c5abbc5342aed07e38af.jpg
АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Урыстәыла COVID-19 аԥырҟәҟәааразы еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла Аԥсны ацхыраара шанаҭалац ианаҭалоит ҳәа абрифинг аҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аинформациеи акьыԥхьи рдепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Алексеи Заицев.Адипломат иазгәеиҭеит Аԥсны акоронавирус аламырҵәара аус аҟны алагала ду шыҟанаҵо Аҟәа иаарту Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь. Уи адагьы, нанҳәа 19 инаркны цәыббра 24 рҟынӡа Амшынеиқәатәи афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара иазку архәҭа ареспубликаҿы арзҩыдаратә усмҩаԥгатәқәа шынанагӡаз.Агоспиталь иара убас Аԥсны аус аухьан 2020 шықәса рзы жьҭаарамза инаркны хәажәкырамзанӡа, уи аҩнуҵҟа ирхәышәтәит, абжьагарақәагьы рырҭеит 3,7 нызқьҩык ауааԥсыра. 18 нызқь ҭҵаара рҟынӡа мҩаԥнагеит.Заицев иазгәеиҭеит Урыстәыла лассы-лассы Аԥсныҟа ишынанашьҭуа акоронавирус аҟынтә алаҵа, атест-системақәа, еиуеиԥшым амедицинатә маругақәа, урыстәылатәи аспециалистцәа-аҳақьымцәа раԥсуа коллегацәа апрактикатәи, аметодикатәи, абжьгаратәи цхыраара шырзыҟарҵо.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/19/1032903993_0:30:3210:2048_1920x0_80_0_0_a2816af46ecda4b2c03b7c38dfc44930.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Урыстәыла COVID-19 аԥырҟәҟәааразы Аԥсны ацхыраара шанаҭалац ианаҭалоит
Цәыббра 29 рызтәи аҭагылазаашьала Аԥсны акоронавирус здырбалахьоу 27775-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 22680-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 417-ҩык.
АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Урыстәыла COVID-19 аԥырҟәҟәааразы еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла Аԥсны ацхыраара шанаҭалац ианаҭалоит ҳәа абрифинг аҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аинформациеи акьыԥхьи рдепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Алексеи Заицев.
"Ҳара ҳаԥхьаҟагьы ҳгәы иҭоуп ҳаиашьаратә республикеи ҳареи агәабзиарахьчара аусхкаҟны ҳусеицура ацҵара", - иҳәеит Заицев.
Адипломат иазгәеиҭеит Аԥсны акоронавирус аламырҵәара аус аҟны алагала ду шыҟанаҵо Аҟәа иаарту Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь. Уи адагьы, нанҳәа 19 инаркны цәыббра 24 рҟынӡа Амшынеиқәатәи афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара иазку архәҭа ареспубликаҿы арзҩыдаратә усмҩаԥгатәқәа шынанагӡаз.
Агоспиталь иара убас Аԥсны аус аухьан 2020 шықәса рзы жьҭаарамза инаркны хәажәкырамзанӡа, уи аҩнуҵҟа ирхәышәтәит, абжьагарақәагьы рырҭеит 3,7 нызқьҩык ауааԥсыра. 18 нызқь ҭҵаара рҟынӡа мҩаԥнагеит.
Заицев иазгәеиҭеит Урыстәыла лассы-лассы Аԥсныҟа ишынанашьҭуа акоронавирус аҟынтә алаҵа, атест-системақәа, еиуеиԥшым амедицинатә маругақәа, урыстәылатәи аспециалистцәа-аҳақьымцәа раԥсуа коллегацәа апрактикатәи, аметодикатәи, абжьгаратәи цхыраара шырзыҟарҵо.