Аимак-аиҿак ҟалеит: Аԥсны Апарламент аҿаԥхьа амитинг шымҩаԥысыз

Жьҭаара 4 рзы Апарламент аҿы ирыцырҵеит цәыббра 30 рзы Аҟәа аԥшаҳәаҿы иҟалаз амилициааи, адепутати, аветеранцәеи реидыслара иазкыз ахцажәарақәа.
Sputnik
Ашьыжь жьҭаара 4 рзы Апарламент аҿы имҩаԥысит цәыббра 30 рзы Аҟәа аԥшаҳәаҿы имҩаԥысыз амилициааи, адепутати, аветеранцәцеи ирыхьыз аидыслара иазкыз аусутә еилатәара. Уи иалахәын Аԥсны Апрокурор хада Адгәыр Агрба, уи ихаҭыԥуаа, АШәМ ахантәаҩы Роберт Киут, аимак иалахәыз адепутатцәа Гарри Кокаиеи Алмасхан Арӡынбеи. 
Аполитолог Беслан Ҳагба: ҳаҩнуҵҟатәи ҳаиҿымкаара ашәарҭара ду ҳҭанаргылоит
Адепутат Гарри Кокаиа иажәақәа рыла цәыббра 30 ауха ицәаныррақәа аԥыжәара рыҭаны амшын аԥшаҳәаҿы дхысит. Ажәлари иалхыҩцәеи рҿаԥхьа аҭамзаара шьҭеиҵеит, иара иҳәеит аҭакԥхықәра дшаҵагыло, адепутатра инаҭо аламкьысратә ҭагылазаашьа ихы иаирхәарц игәы ишҭам.
Аԥсны Апрокурор хада Адгәыр Агрба иажәақәа рыла азакәанԥҵара инақәыршәаны Апрокуратура хада ахҭыс азинтә хәшьара ҟанаҵарц азы ишьақәыргылоуп 60 мшы рҟынӡа аҿҳәара. Аусҭҵаара шымҩаԥысуа, аус зыршаҳаҭуа аматериалқәа реидкылара иаҿуп, макьаназы ахҭыс иалахәыз аветеранцәа зегьы рҿахәы рҿыхам иҳәеит иара.  
Адепутат Леонид Чамагәуа ажәалагала ҟаиҵеит апрокурор хада Апарламент ахь днарыԥхьарц аусҭҵаара абжьаратә лҵшәақәа рзеиҭеиҳәарц азы, ауаа ирбарц ари аус шгәыгәҭажьым. Абри ашьҭахь аилатәара хыркәшан.
Аԥсны ахада ахҭыс аполитикатә цәа аҟәнырымҵаларц ааԥхьара ҟаиҵеит
Агәынамӡара аазырԥшуаз гәыԥҩык аветеранцәа Аӡҩыбжьа ақыҭауаа Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иахь инеит аҭагылазаашьа иахцәажәарц азы. Дара ирҭахын аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар имаҵура дамхзарц. Аха ахада иреиҳәеит Апрокуратура хада ахҭыс ишахәҭоу ианҭнаҵаалак ашьҭахь аӡбамҭа рыдыркылоит ҳәа. Бжьаниа иара убас аҳәара ҟаиҵеит ари ахҭыс аполитикахь ииарымгарц. 
Еизаз еимпит аибашьра аветеран Гиви Допуа дрылагыланы ицәажәара ашьҭахь. Иара иазгәеиҭеит дара ҩаԥхьа ашәахьа Апарламент аҿаԥхьа ишеизо иҟалаз ахҭыс аҭыԥ ақәҵашьа шыҟоу еилыркаарц азы. 
1 / 8
Ашьыжь жьҭаара 4 рзы Апарламент аҿы имҩаԥысит цәыббра 30 рзы Аҟәа аԥшаҳәаҿы иҟалаз амилициааи, адепутати, аветеранцәцеи ирыхьыз аидыслара иазкыз аусутә еилатәара. Уи иалахәын Аԥсны Апрокурор хада Адгәыр Агрба, уи ихаҭыԥуаҩ, АШәМ ахантәаҩы Роберт Киут.
2 / 8
Аиҳабыра ахыбрақәа азинхьчаҩцәа ирыхьчон шьыжьнаҵы.
3 / 8
Иара убас Апарламент ахыбра рыхьчон Иҷыдоу адҵақәа змоу ацентр аусзуҩцәа.
4 / 8
Апарламент аҿы имҩаԥысыз аусутә еилатәараҿы адепутатцәа иҟалаз ахҭыс азы ргәаанагара рҳәеит, иазыӡырҩит Апрокурор хада аусҭҵаара ацашьазы иҟаиҵаз адырра.
5 / 8
Убри аамҭазы Апарламент ашҭаҿы еизеит цәыббра 30 рзы Аҟәа аԥшаҳәаҿы ирпҟаз аветеранцәа рыдгылаҩцәа, Аӡҩыбжьа ақыҭауаа. Урҭ рахьтә иҟан аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар иаразнак дамхтәуп ҳәа зҳәозгьы.
6 / 8
Аветеранцәа ицәаԥҽыганы, ипатудараны ирыԥхьаӡеит азинхьчаҩцәа Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш аҽны иаадырԥшыз ахымҩаԥгашьа.
7 / 8
Ауаа еиԥырҵуамызт 4-сааҭ инарзынаԥшуа. Агәынамӡара аазырԥшуаз гәыԥҩык аветеранцәа Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иахь инеит аҭагылазаашьа иахцәажәарц азы. Ахада излареиҳәаз ала, Апрокуратура хада ахҭыс ишахәҭоу ианҭнаҵаалак ашьҭахь аӡбамҭа рыдыркылоит.
8 / 8
Еизаз еимпит аибашьра аветеран Гиви Допуа дрылагыланы ицәажәара ашьҭахь. Иара иазгәеиҭеит дара ҩаԥхьа ашәахьа Апарламент аҿаԥхьа ишеизо иҟалаз ахҭыс аҭыԥ ақәҵашьа шыҟоу еилыркаарц азы.