Аполитолог Беслан Ҳагба: ҳаҩнуҵҟатәи ҳаиҿымкаара ашәарҭара ду ҳҭанаргылоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАдминистрация президента
Администрация президента  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2021
Анапаҵаҩра
Цәыббра 30 ауха Апарламент адепутат Гарри Кокаиеи, Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аибашьра аветеранцәеи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбари инапаҵаҟа иҟаз ауааи рыбжьара иҟалаз аидыслара аҭҵаара иаҿуп Аԥсны Апрокуратура хада.
Аҟәа, жьҭаара 4 - Sputnik. Аполитолог Беслан Ҳагба арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу аҭо иҳәеит цәыббра 30 ауха иҟалаз ахҭыси уи иахылҿиааз аҭагылазаашьақәеи рҩызцәа лассы-лассы рыҟалара ҳҳәынҭқарра ашәарҭара ду ишҭанаргыло.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2021
Аԥсны ахада ахҭыс аполитикатә цәа аҟәнырымҵаларц ааԥхьара ҟаиҵеит
"Аполитикатә кризис Аԥсны ирацәаны аҭыԥ амоуп. Аполитика ҳаналацәажәо, Аԥсны инхо ауаҩы игәы иҽаннаҵоит. Алхрақәа ааиуама, Аԥсны ахада далҳхуама, есқьынгьы аидыслара аҭыԥ амоуп. Аҵыхәтәантәи ажәашықәсқәа Аԥсны аполитика қәԥарала мацароуп ишымҩаԥысуа. Ари уамашәа иубаратәы иҟоуп иахьатәи ҳаԥсҭазаараҿы. Аиааиреи ихьыԥшым аҳәынҭқарреи иҳауз агәхьаа мкӡакәан, аидыслара мацалара ҳаҽуп. Абас мацара ҳцозар, Аҳәынҭқарра иаԥеиԥшхаша здыруада? Ҳаҩнуҵҟатәи ҳаиҿымкаара ашәарҭара ду ҳҭанаргылоит", - ҳәа азгәеиҭоит аполитолог.
Иара иҳәоит ас еиԥш иҟоу ахҭысқәа Аԥсны иаанымгылар, адгылара ҳазҭо Урыстәылатәи Афедерациа даҽакала иҳахәаԥшырц шалшо атәы:
"Ҿырԥштәыс иаҳгап Ермантәыла. Уамашәа иубаша, амч ду змоу аҳәынҭқарра аӡәгьы ақәҿимҭӡакәан иԥыххаса иқәырҵеит. Ҳаргьы ари аҩыза амҩа ҳанхалар, Аиааира иаҳгаз зегьы ԥыххааса ицоит. Ахада иганахьала аума, аполитикцәа, убас ажурналистцәа аҭахԥхықәра аадырԥшлароуп. Ҳазҿу аидысларақәа ҳарҟәамҵыр, иҳадгыло Аҳәынҭқарра гәыхшәарас ҳроур ҳәа сшәоит", - ҳәа иҳәоит Беслан Ҳагба.
Аполитолог дазааҭгылоит ас еиԥш ахҭысқәа еснагь еиқәҿырҭуа иалагар, алҵшьас амҩа иазалҳхша атәы.
Администрация президента Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.09.2021
Дзаҭахыуи Аԥсны апрезидент: аҳәынҭқарратә напхгаразы агәаанагара
"Ас еиԥш ахҭысқәа рацәаны ицәырҵхьеит, аха азҵаарақәа нагӡаны рҭак анырмоулак, ажәлар агәра ргаӡом. Ари акризис ҳалҵуеит, зыгәра ҳгаша ԥшьҩы-хәҩы аполитикцәа иашацәа цәырҵыр. Ас ахҭысқәа ҟалацыԥхьаӡа, ҳнеины еснагь ашҭаҟны ҳаизалома? Алхрақәа зымҩаԥаҳго, ицәырҵуа азҵаарақәа зегьы егьа ихьанҭазаргьы, акабинет аҩнуҵҟа иҳаӡбарц азоуп. Аԥсны хәыҷуп, акы уӡоит ҳәа уалагар иахьа ма уаҵәы ицәырҵуеит. Аиаша мӡаӡакәан ианцәыргаха ауп, аполитикатә кризис ҳанаиааиуа", - ҳәа иҳәоит Ҳагба.
Апарламент адепутат Гарри Кокаиеи, Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аибашьра аветеранцәеи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбари инапаҵаҟа иҟаз ауааи рыбжьара аимак аҭыԥ аман цәыббра 30 ауха.
Абри аганахь ала Апрокуратура хада аусҭҵаара иаҿуп.
Аԥсны апрокурор хада: иҟаз ахҭыс макьаназы азинтә хәшьара ҳзаҭом
Аусҭҵаара мҩаԥысуанаҵы ахҭыс иалахәыз амилициа аусзуҩцәа аамҭала рмаҵурақәа рҟынтә рхы иақәиҭтәуп.
Дмитрий Дбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.10.2021
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр иҟаиҵаз аҳәарала аамҭала дамхуп ахысразы ашьаусҭҵаара цонаҵы
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москва иусутә ныҟәара аанкыланы Аԥсныҟа дхынҳәит Аҟәа аԥшаҳәаҿы цәыббра 30 рзы иҟалаз аимак аҵыхәала. Иара иарку аилацәажәара мҩаԥигеит. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар атәыла ахада диҳәеит ахҭыс аҭҵаара иахьынӡаҿу имаҵураҟынтә ихы дақәиҭитәырц. Дбар агәыӷра ааирԥшит ахҭыс иалахәыз адепутатцәагьы убасҵәҟьа рхы мҩаԥыргап ҳәа.
Жьҭаара 4 азы Аԥсны Апарламент аҿы имҩаԥысит Апрокуратура хадеи Аԥсны АШәМеи рхаҭарнакцәа злахәыз аусутә еилацәажәара.
Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ апрокурортә ҭҵаара алкаақәа иазыԥшырц аҳәара ҟаиҵеит
Аԥсны апрокурор хада Адгәыр Агрба дақәгәыӷуеит 15 мшы рыҩнуҵҟала Апрокуратура хада ахҭыс азинтә хәшьара аҭара алшап ҳәа. Агрба иара убасгьы иазгәеиҭеит аусҭҵаара шымҩаԥысуа. Иҳәеит аус зыршаҳаҭуа аматериалқәа реидкылара ишаҿу.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аиааира амши азакәандареи: амилициааи, адепутатцәеи, аветеранцәеи реимак иазкны
Ажәабжьқәа зегьы
0