АҞӘА, жьҭаара 4 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 733-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 172-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ҩымш рыла рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа апациентцәа: 61 шықәса зхыҵуаз ахаҵеи 70 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыси.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 33-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп фҩык, ибжьаратәуп - 23-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 33-ҩык, урҭ рахьтә жәаҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит фҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 16-ҩык, урҭ рахьтә ԥшьҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - быжьҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 78-ҩык апациентцәа, 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>