https://sputnik-abkhazia.info/20211004/Akoronavirus-rydyrbaleit-172-yk-Asny-auaasyra-ya-rysazaara-ialit-1033348095.html
Акоронавирус рыдырбалеит 172-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит
Акоронавирус рыдырбалеит 172-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит
Sputnik Аҧсны
Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 28120-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 23106-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит... 04.10.2021, Sputnik Аҧсны
2021-10-04T21:35+0300
2021-10-04T21:35+0300
2021-10-04T21:35+0300
акоронавирус адунеи аҿы
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103036/22/1030362265_0:72:3075:1810_1920x0_80_0_0_713840a6f817c501afcc974231c3873a.jpg
АҞӘА, жьҭаара 4 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 733-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 172-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 33-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп фҩык, ибжьаратәуп - 23-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 33-ҩык, урҭ рахьтә жәаҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит фҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 16-ҩык, урҭ рахьтә ԥшьҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - быжьҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 78-ҩык апациентцәа, 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103036/22/1030362265_0:0:3075:1932_1920x0_80_0_0_5fa8e88b58be0851f80c36199cf3f401.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
акоронавирус адунеи аҿы, ажәабжьқәа, аԥсны
акоронавирус адунеи аҿы, ажәабжьқәа, аԥсны
Акоронавирус рыдырбалеит 172-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит
Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 28120-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 23106-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 421-ҩык.
АҞӘА, жьҭаара 4 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 733-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 172-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ҩымш рыла рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа апациентцәа: 61 шықәса зхыҵуаз ахаҵеи 70 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыси.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 33-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп фҩык, ибжьаратәуп - 23-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 33-ҩык, урҭ рахьтә жәаҩык апациентцәа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит фҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 16-ҩык, урҭ рахьтә ԥшьҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - быжьҩык апациентцәа. Аҟәа иҟоу амобилтә госпиталь аҿы - 78-ҩык апациентцәа, 12-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>