Апарламент аԥхьа еизаз ауаа еимпит

Аиҳабыратә хыбрақәа шьыжьаахыс изыхьчо азинхьчаратә усзуҩцәа рҭыԥ аҿы иҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 4 - Sputnik. Апарламент аԥхьа еизаз еимпит Аԥсны Афырхаҵа, аибашьра аветеран Гиви Допуа атәыла ахада иԥылара ашьҭахь ааԥхьара аныҟаиҵа.
Иара иҳәеит ауаа Апарламент ахь ишааиуа ашәахьаҽны, аусқәа шцо аилкааразы.
Аԥсны ахада ахҭыс аполитикатә цәа аҟәнырымҵаларц ааԥхьара ҟаиҵеит
Аветеранцәа рԥылараан ахада иҳәеит апрокуратура аусҭҵаара ишаҿу, иара атәыла ахадак иҳасаб ала зегь аныҭҵаахалак аӡбамҭа шидикыло.
Аиҳабыратә хыбрақәа шьыжьаахыс изыхьчо азинхьчаратә усзуҩцәа макьана рҭыԥ аҿы иҟоуп.
Жьҭаара 4 азы Аԥсны Апарламент аҿы имҩаԥысит Апрокуратура хадеи Аԥсны АШәМеи рхаҭарнакцәа злахәыз аусутә еилацәажәара.
Аԥсны апрокурор хада Адгәыр Агрба дақәгәыӷуеит 15 мшы рыҩнуҵҟала Апрокуратура хада ахҭыс азинтә хәшьара аҭара алшап ҳәа. Агрба иара убасгьы иазгәеиҭеит аусҭҵаара шымҩаԥысуа. Иҳәеит аус зыршаҳаҭуа аматериалқәа реидкылара ишаҿу.