Арадио

Анқәабԥҳа акәыкәбаа аҟәшәара аамҭазы: чмазароуп, аҩны сызтәом

Акәыкәбаа зыҟәшәо Зита Анқәабԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит уи аус дшазнеиуа, илҟәшәо ахкқәа, ишалыркуа атәы.
Sputnik
Ҭагалан азы анхаҩы џьабаала иааирыхыз иҽаҩра анҭеигало аамҭазы аԥсабарагьы аҳамҭа инаҭоит уҳәар ауеит акәыкәбаа азы. Аарыхраҿ уи уамыргәамҵуазаргьы, аҟәшәара, нас ацәгьеи абзиеи реилыргара, жәаҳәарада, ааԥсара адбалатәуп. Ус шакәугьы иҟоуп акәыкәбаа аҟәшәара иԥсыршьаган иазнеиуа. Убарҭ дреиуоуп 9 шықәса раахыс ари аҵиаа бзиа ибаны изыҟәшәо, аӡын азы иазыркуа Зита Анқәабԥҳа. Арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит иарбан кәыкәбаа хкқәоу илыҟәшәо, нас ишалыркуа атәы.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.