АҞӘА, жьҭаара 6 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәыла ауааԥсыра Гагра ахақәиҭтәра амш 29-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Ҳаҭыр зқәу Гаграа! Ҳаҭыр зқәу Аԥсны иқәынхо ажәлар! Гәык ала ишәыдысныҳәалоит Гагра ақалақь ахақәиҭтәра амш 29-шықәса ахыҵра. Ари арыцхә наунагӡа Аԥсны аҭоурых иазынхоит", - аҳәоит адныҳәаларатә текст аҿы.
1992 шықәса жьҭаара 6 азтәи аиааира ахәшьара аҭара уадаҩуп, избанзар абри амш азы аҽеиҭанакит аибашьра ацашьа, ажәлар ргәы шьҭнахит, аӷа ииааира шалшоз агәра харҵеит ҳәа иҳәоит ахада.
"Ҳхы лаҳарҟәуеит Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рҿаԥхьа. Хашҭра рықәымзааит афырхацәа", - азгәеиҭоит Бжьаниа.
Гагра араион ауааԥсыра ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, аизҳазыӷьара, Аԥсны – ашәҭыкакаҷра.