Агәыҳалалратә фонд "Ашана" аортезқәа раахәаразы аԥареизгара иалагеит

Еиӷьу алшарақәа рымҩаԥгаразы Агәыҳалалратә платформа Tooba 2019 шықәсазы иаԥиҵеит адаӷьысҭан Рамазан Меџьидов. "Ашанеи" апроекти 2019 шықәса раахыс аус еицыруеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 7– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа быжьҩык рзы аортезқәа аархәарц аԥареизгара иалагеит, ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аиҿкаара анапхгаҩы Мактина Џьынџьалԥҳа.
Афонд "Ашана" аԥҵаҩцәеи Tooba аиҿкааҩцәеи еиԥылеит
Аортезқәа ахәыҷқәа ршьапы рықәгылараз ихәарҭоуп, рныҟәараан ахьаа еиҵартәуеит. Иахәҭаны иҟоу 182 нызқьмааҭ рҟынтәи уажәазы еизгоуп 90 000 мааҭ. Аԥареизгара мҩаԥысуеит ҩымз раахыс ацҵа ҷыда Tooba ахархәарала ҳәа лҳәоит Џьынџьалԥҳа.
"Ацҵа ҷыда Tooba ахархәара амоижьҭеи ҩышықәса ҵуеит. Ацҵа аус адыруылеит даӷьысҭантәи апрограммистцәа. Шәкы рҟынӡа фонд еиднакылоит еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи. Ҳара шықәсык аверификациа ҳахысуан асиа ҳанырҵаанӡа. Ацҵа иалнаршоит аамҭак ала х-ԥареизгарак рымҩаԥгара", -  ҳәа лҳәеит лара.
Уажәазы Tooba аҿы иаартуп афонд "Ашаназ" ҩ-ԥареизгарак, руак ала аортезқәа аархәоит.
"Аԥареизгара маҷк ишьшьылаҳауп. Убри азы аҳәара ҟаҳҵоит ацҵа хыжәҩылаарц, асиаҿы афонд "Ашана" ԥшааны аԥарашәара мҩаԥыжәгарц. Уи азы иахәҭоу ажәа "Ашана" алагалара мацароуп", - лҳәеит "Ашана" анапхгаҩы.
Афонд ацҵа ахы ианархәоижьҭеи 20 ԥареизгара мҩаԥыргахьеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: