Афонд "Ашана" аԥҵаҩцәеи Tooba аиҿкааҩцәеи еиԥылеит

© Sputnik / Асмат Цвижба "Ашана" встретилась с создателями площадки Tooba
Ашана встретилась с создателями площадки Tooba  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.09.2021
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә платформа Tooba 2019 шықәсазы иаԥиҵеит адаӷьысҭан Рамазан Меџьидов. "Ашанеи" апроекти 2019 шықәса раахыс аус еицыруеит.
АҞӘА, цәыббра 13 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашанеи" агәыҳалалратә платформа Tooba ахаҭарнакцәеи еиԥылеит цәыббра 13 рзы.
Афонд "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа лажәақәа рыла, Tooba агәыҳалалратә фондқәеи ацхыраара зҭахуи рыбжьара аизааигәахара алнаршоит. Аусеицура аамҭала афонд иалшеит 31 проект рынагӡаразы ԥшьмиллионк рҟынӡа аԥара аизгара. Аԥарақәа рзырхан ичмазаҩыз ахәыҷқәа рыхәышәтәра, аҭагылазаашьа уадаҩ змоу аҭаацәарақәа рыцхраара, афонд административ-нхамҩатә усура.
"Ирацәахеит ҳаизгақәа, рхыԥхьаӡара иацлеит ацхыраара заҳҭахьоу. Хәыҷык изы аизгара аҳаркаанӡа аҽаӡәы изы аԥареизгара ҳалагом. Уажәы иҳарҭо ацхыраарала аамҭакала ҩыџь ма хҩыкгьы рыцхраара ҳалшоит. Ашықәс анҵәамаҭзы 6-8 миллион еизаагозҭгьы, уажәы 10 миллионк рҟынӡа инеиуеит. Сгәыӷуеит Toobа акраамҭа аус ацааулап ҳәа" - лҳәеит Џьынџьалԥҳа.
Апроект акоммерциатә директор Зубаир Магомедов иҳәеит аплатформа алахәылацәа зегьы агәыҳалалра аарԥшра шырҭаху, ауаа ацхыраараз ишадырԥхьало.
Tooba акоманда раԥхьаӡа акәны Аԥсны иаҭааит, иазгәарҭеит иара аԥшӡара.
Tooba – хәыда-ԥсада гәыԥҩык ауаа зҽеидкылан агәыҳалалратә фондқәа ацхыраара рызҭо платформоуп.  тозы. Иара аԥиҵеит 2019 шықәсазы адаӷьысҭан Рамазан Меџьидов.
Хышықәса рыҩныҵҟа 250 миллион мааҭ еизнагахьеит, ацхыраара рнаҭахьеит 60 000-ҩык инарзынаԥшуа.
Ажәабжьқәа зегьы
0