Омбудсмен цәыббра 30 рзы иҟалаз ахҭыс ахҳәаа алҭеит

Аԥсны ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаҩ Асида Шьаҟрылԥҳа илҳәеит омбудсмен лофис уаанӡа ари ацәажәара рацәа зхылҿиааз аус ахҳәаа занамҭаз.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 7 - Sputnik. Аԥсны ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаҩ Асида Шьаҟрылԥҳа Аԥсуа телехәаԥшраҟны имҩаԥысыз апресс-конференциаҿы цәыббра 30 азы Аҟәа азинхьчаҩцәеи адепутати аветеранцәеи злахәыз ахҭыс ахҳәаа алҭеит.
Лара илҳәеит Апарламент адепутатгьы, азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәагьы, амаҵзурауаҩ ихымҩаԥгашьаз акодекс шеиларгаз.
Шьаҟрылԥҳа иазгәалҭеит асеиԥш ҟамлар шакәыз, аха уи иҟалаз амзызқәа шамоу.
"Ҳара иаҳхықәку ауаҩытәыҩса изинқәа зыхьчо аофис ахҭыс иалацәажәеит ҳәа ауаа ирҳәарц акәӡам, ҳара иаҳҭахуп ари аҩыза ҳтәылаҿы аҭыԥ заиуз, мзызқәас иамоу аарԥшра", - ҳәа лҳәеит Шьаҟрылԥҳа.
Лара лажәақа рыла иахәҭоу зегь ҟаҵатәуп азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аԥсны ахада ахҭыс аполитикатә цәа аҟәнырымҵаларц ааԥхьара ҟаиҵеит
Иара убасгьы лара иазгәалҭеит ари аус аполитикатә ҟазшьа аҭара иашам ҳәа.
Цәыббра 30 ауха аимак ҟалеит Апарламент адепутат Гарри Кокаиеи Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аибашьра аветеранцәеи ганкахьала, егьи аганахьала - Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбари инапаҵаҟа иҟаз ауааи рыбжьара. Аветеранцәа ишырҳәо ала дара рганахь анапышьҭыхра аҭыԥ аиуит.
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар атәыла ахада диҳәеит ахҭыс аҭҵаара иахьынӡаҿу имаҵураҟынтә ихы дақәиҭитәырц.
Абри аганахь ала Апрокуратура хада аусҭҵаара иаҿуп.
Иара убасгьы шәаԥхьар ҟалоит: