Аҟәатәи аенергетикцәа цәыббрамзазы ахархәара зҭаз афымцамч азы аҳасабырба ҟарҵеит

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба жьҭаара 7 азы имҩаԥысыз аилацәажәараҟны Аҟәатәи афымцамчҳақәа русбарҭа ахаҭарнакцәа дразҵааит ҭагалантәи ахьҭақәа иаарылагазар афымцамч ахархәара аҽшеиҭанакыз.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik. Астанциа маҷқәа зегьы рҟны ақәыӷәӷәара еиԥшны еизҳауеит, ҳәа иҳәеит "Аҟәатәи афымцамчҳақәа" реиҳабы Ҭимур Џьынџьал аԥшьаша жьҭаара 7 азы имҩаԥысыз акриптовалиута арҳара аԥырҟәҟәаразы аоперштаб аусура аилацәажәараҿы.
Цәыббрамзазы иныхыз афымцамч 28 миллион кВт/с ыҟоуп, 2019; 2020 шықәсқәа ирыҿурԥшуаз 4 миллион кВт/с рыла еиҵоуп ҳәа иҳәеит иара.
Аилацәажәара алахәылацәа афымцамч ахәԥса ашәара астатистикагьы иалацәажәеит.
Аҟәа ахада амаининг аҿагылараз аоперштаб аусура игәаԥхом
"Афымцамчҭира" аҟәша аиҳабы Џьамбулаҭ Аршба адырра ҟаиҵеит апандемиа инадҳәаланы ари аҩышықәса ахәԥса зымшәо алашара шрымрымхуа, убри аан 30% абонентцәа шракәу аԥара зшәо.
"Цәыббрамзазы афымцамч ахархәара ахьеиҵахаз азы илгоу аԥарагьы еиҵоуп нанҳәамза аасҭа. Илгоуп 8 миллионки 875 нызқьи 600 мааҭ. Ԥхынгәы, нанҳәа, цәыббра рзы илгоуп 27 миллиони 831 нызқьи 800 мааҭ", - иҳәеит "Афымцамчҭира" аҟәша аиҳабы Џьамбулаҭ Аршба.
Иахьазы Аҟәа иқәгылоуп 5 200 фымцамчгәаҭагақәа. Ааигәа арҭ ахархәагақәа аҽа 14 ҩнеихагыла рҿы иқәдыргылеит. Ақалақь ахадараҿы ари алҵшәа аиуеит ҳәа иахәаԥшуеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: