Аҟәа ахада амаининг аҿагылараз аоперштаб аусура игәаԥхом

© Foto / Официальный портал Администрации города Сухум Мэр Сухума Беслан Эшба провел совещание в связи с неблагополучной ситуацией по коронавирусной инфекции.
Мэр Сухума Беслан Эшба провел совещание в связи с неблагополучной ситуацией по коронавирусной инфекции.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.10.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь ахадараҿы имҩаԥысит закәаншьаҭада акриптовалиута арҳара аҿагыларазы аоперштаб инарҭбаау аилацәажәара аҩынусбарҭақәа реиҳабацәа, "Амшынеиқәафымцамч", Аҳәынҭстандарт рхаҭарнакцәеи Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәеи алархәны.
АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik. Аҟәа ахада Беслан Ешба закәаншьаҭада акриптовалиута арҳара аԥырҟәҟәаразы аоперштаб аусура игәаԥхом, ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.
Уаанӡа ақалақь ахадара Аҳәынҭстандарт иазынанашьҭит закәаншьаҭада х-фазак ахьаарԥшыз аҭыӡҭыԥқәа ҩ-нызқь рсиа. Абри аганахь ала ирыдкылаз ауснагӡатәқәа дрылацәажәеит Аҳәынҭстандарт атехникатәи аенергетикатәи адепартамент аиҳабы Ерик Кокоскериа.
Майнинг  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2021
Аслан Бжьаниа Аԥсны акриптовалиута арҳара иаҿагылоу ауснагӡатәқәа дрылацәажәеит
"42 абонент ргәы рҽанаҳҵеит, 37 абонент, "Амшынеиқәафымцамч" ахь идҵаалаз атехникатә зин раҳҭеит. Акриптовалиута зырҳауаз абонентцәа рганахь ала аматериалқәа аӡбарҭахь инашьҭуп. 277 500 мааҭ ахараԥсазы аматериалқәа аӡбарҭахь инеит. Быжьҩык абонентцәа рганахь ала азыӡбақәа рыдыркылеит, 103 500 мааҭ абиуџьет ахь инеит", - иҳәеит Кокоскериа.
Ешба иҳәеит Аҳәынҭстандарти "Амшынеиқәафымцамчи" асиақәа еиҿдырԥшыр шакәу абри аганахь ала.
"Аинформациа ахышәаҵышәа дууп. 2000 рҟынӡа ҭыӡҭыԥ ыҟоуп. Иаарԥшу 42 ари акгьы аанагаӡом. Ақалақь ахадара иара аганахь ала иалшоз ҟанаҵеит. Избан арҭ аҭыӡҭыԥқәа ргәаҭара аҵыхәанӡа изнагам", - иҳәеит Ешба.
Ешба инаҵшьны иазгәеиҭеит закәаншьаҭада афымцаҳақәа аҽрыԥшьра ахылаԥшра аҭазарц. Атәылаҿ иреиҳау абоненттә база Аҟәа ауп иахьыҟоу, амаҵзурақәа зегьы русурақәа еиқәдыршәар аҳҭнықалақь ҿырԥштә бзиахоит егьырҭ ақалақьқәеи араионқәеи рзы ҳәа.
Уаанӡа Аимадареи амассатә коммуникациақәеи ацифратә ҿиареи рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы акриптовалиута арҳаразы аусура иадҳәалоу аԥкрақәа рыҿҳәара иацнаҵеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0