Аҟәатәи ацхыраара ласы астанциа амашьынақәа ҩба азаарышьҭит

Автомашьына "Соболь" ахархәара аҭахар ҟалоит ақалақь анҭыҵ. Аҩбатәи амашьына ақалқь аҩнуҵҟа рхы иадырхәалоит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 12 - Sputnik. Аҟәатәи ацхыраара ласы астанциа амашьынақәа ҩба азаарышьҭит, ҳәа аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
Очамчыра араиони Афон ҿыци ацхыраара ласы амашьына ҿыцқәа роуит
Автомашьынақәа аахәоуп Адыгеиа уаанӡатәи ахада, амеценат Ҳазрет Совмен иааишьҭыз аԥарақәа рыла.
"Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа азхьаԥшра ду аиҭоит акоронавирустә инфекциа аԥырҟәҟәара аус. Арҭ амашьынақәа иара иаԥшьгамҭала иаахәан", - ҳәа иҳәоит Едуард Быҭәба.
Автомашьынақәа ҩба, "Соболь" рыҭоуп Аҟәатәи ацхыраара ласы астанциа. Автомашьынақәа руак ахархәара аҭахар ҟалоит ақалақь анҭыҵ. Аҩбатәи амашьына ақалқь аҩнуҵҟа рхы иадырхәалоит.
Уаанӡа ацхыраара ласы амашьынақәа нашьҭын Очамчыреи Афон Ҿыци рахь. Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәшәтәырҭа иаҭан ҳаамҭазтәи ареанимобиль.