Урыстәылатәи амобилтә госпиталь зықьҩык инарыцны ауаа аднакылахьеит

Хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҩынтә раан Аԥсныҟа иааит нанҳәа 18 рзы аҿкчымазара зыхьуа рыхәшәтәраҿ ацхыраара аҟаҵараз.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 12 - Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра иатәу амобилтә госпиталь нанҳәа 18 раахыс зықьҩык инреиҳаны COVID-19 змоу ауааԥсыра аднакылахьеит, ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Агоспиталь аҟынтәи илырҩаахьеит 2386-ҩык зҽызхәшәтәыз ауааԥсыра. Илырҩааз анаҩстәи абжьгарақәа рырҭоит.
Иахьатәи аамҭазы астационар аҟны 98-ҩык аҽыхәшәтәра иахысуеит, урҭ иахәҭоу амедицинатә цхыраара рырҭоит.
Хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҟны имҩаԥыргоит ареспублика ақалақьтә лабораториақәа рҟынтәи инарго анализқәа ПЦР-диагностика. Анаҩс аҭакқәа иахьынтәаашьҭу идырхынҳәуеит. Алобараториа иалшоит аамҭак ала 24 биологиатә материал адкылара.
Агоспиталь аҿы аус руеит шәҩык ауаа. Абригадақәа еихшаны иҷаԥшьоит.
Ареспублика араионқәа рҟынтәи агоспиталь ахь иааиуа ауааԥсыра рыдыркылоит уахи-ҽни, ашьҭаҵареи ахәшәтәреи рзы аӡбамҭа рыдыркылоит рынхарҭа ҭыԥ иаҵанакуа аҳақьым иақәшаҳаҭрала.
Х-нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра "Спутник Лаит" алаҵа ҟарҵахьеит
Хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьақәыргылоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа, ачымазҩцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа, ПЦР-лабораториақәа.
Урыстәыла хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь нанҳәа 18 азы Аԥсныҟа еиҭааит ачымазара ҿкы аԥырҟәҟәараҿы ацхыраара аҟаҵаразы.
Амобилтә госпиталь акоронавирустә инфекциа ҿыц зыхьуа рыхәшәтәразы астационартә медицинатә хәшәтәырҭоуп. Зынӡа 100 иара-ҭыԥ амоуп, аха ԥсыхәа амамкәа иҟалозар даҽа 50 ҭыԥ ацҵахар алшоит.
Арратә госпиталь ҵәыҵәрила еиқәдыршәоит Гәдоуҭа иҟоу Аладатәи арратә округ арратә база аҟынтә. Бжьаратәла уахыки-ҽнаки рыла инырхуеит 100 баллонк.