Аҳазалхратә шәарақәа 2021 шықәса раԥхьатәи жәымз рзы аплан 39% иацны еизгахеит

Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы анапхгара 2021 шықәса раԥхьатәи жәымз рзы аҳасабырба ҟарҵеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 13 - Sputnik. Аԥсны аҳазалхратә шәарақәа 2021 шықәса раԥхьатәи жәымз рзы аплан 39% иацны еизгахеит, миллиардки 954 миллион мааҭ иҟалеит. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.
Аԥсны 2021 шықәса аԥхьатәи бжьымз арбагақәа рыла ашәахтә шәарақәа рыплан иахысит
Жьҭаара 12 азы аԥыза-министр Александр Анқәаб аусутә еиԥылара мҩаԥигеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециеи уи ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуеи алархәны.
2022 шықәсатәи аплан ари инадҳәаланы 15-20% иацҵахар ҟалоит. Раԥхьаӡа акәны аҵыхәтәантәи аамҭазы аплан 99% инагӡан.

2021 шықәса 9 мызтәи атауареикәыршареи 2020 шықәса абри аамҭазтәии иаҿурԥшыр, 7 миллиард мааҭ рыла еизҳаит, иааидкыланы 25 миллиарди 988 миллион мааҭи ыҟоуп.

Аимпорт – 21 миллиарди 866 миллион мааҭ ҟалеит, аекспорт – 4 миллиардки 122 миллион мааҭи ҟалеит.