https://sputnik-abkhazia.info/20211013/aazalkhrat-sharaa-2021-shysa-rakhati-zhymz-rzy-aplan-39-iatsny-eizgakheit-1035836289.html
Аҳазалхратә шәарақәа 2021 шықәса раԥхьатәи жәымз рзы аплан 39% иацны еизгахеит
Аҳазалхратә шәарақәа 2021 шықәса раԥхьатәи жәымз рзы аплан 39% иацны еизгахеит
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы анапхгара 2021 шықәса раԥхьатәи жәымз рзы аҳасабырба ҟарҵеит. 13.10.2021, Sputnik Аҧсны
2021-10-13T11:00+0300
2021-10-13T11:00+0300
2021-10-13T11:07+0300
аекономика
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0a/0c/1035824493_0:135:2600:1598_1920x0_80_0_0_f64f28154423dd94d2b9ce966c5fa6a4.jpg
АҞӘА, жьҭаара 13 - Sputnik. Аԥсны аҳазалхратә шәарақәа 2021 шықәса раԥхьатәи жәымз рзы аплан 39% иацны еизгахеит, миллиардки 954 миллион мааҭ иҟалеит. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.Жьҭаара 12 азы аԥыза-министр Александр Анқәаб аусутә еиԥылара мҩаԥигеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециеи уи ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуеи алархәны.2022 шықәсатәи аплан ари инадҳәаланы 15-20% иацҵахар ҟалоит. Раԥхьаӡа акәны аҵыхәтәантәи аамҭазы аплан 99% инагӡан.Аимпорт – 21 миллиарди 866 миллион мааҭ ҟалеит, аекспорт – 4 миллиардки 122 миллион мааҭи ҟалеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20210804/Asny-2021-shysa-akhati-bzhymz-arbagaa-ryla-ashakht-sharaa-ryplan-iakhysit-1032972811.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0a/0c/1035824493_146:0:2455:1732_1920x0_80_0_0_3aa8af3a93c4317cff1811b71c5220c4.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аекономика, аԥсны, ажәабжьқәа
аекономика, аԥсны, ажәабжьқәа
Аҳазалхратә шәарақәа 2021 шықәса раԥхьатәи жәымз рзы аплан 39% иацны еизгахеит
11:00 13.10.2021 (ирҿыцуп: 11:07 13.10.2021) Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы анапхгара 2021 шықәса раԥхьатәи жәымз рзы аҳасабырба ҟарҵеит.
АҞӘА, жьҭаара 13 - Sputnik. Аԥсны аҳазалхратә шәарақәа 2021 шықәса раԥхьатәи жәымз рзы аплан 39% иацны еизгахеит, миллиардки 954 миллион мааҭ иҟалеит. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара
асаит.
Жьҭаара 12 азы аԥыза-министр Александр Анқәаб аусутә еиԥылара мҩаԥигеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециеи уи ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуеи алархәны.
2022 шықәсатәи аплан ари инадҳәаланы 15-20% иацҵахар ҟалоит. Раԥхьаӡа акәны аҵыхәтәантәи аамҭазы аплан 99% инагӡан.
2021 шықәса 9 мызтәи атауареикәыршареи 2020 шықәса абри аамҭазтәии иаҿурԥшыр, 7 миллиард мааҭ рыла еизҳаит, иааидкыланы 25 миллиарди 988 миллион мааҭи ыҟоуп.
Аимпорт – 21 миллиарди 866 миллион мааҭ ҟалеит, аекспорт – 4 миллиардки 122 миллион мааҭи ҟалеит.