Анри Аҭеиба иԥсра инадҳәаланы Гагратәи амилициа аусзуҩцәа рганахь ашьаусҭҵаара хацыркуп

Гагра араион ААР аусзуҩцәа хараны ирыдырҵоит ауаҩы игәабзиара ашәарҭара аҭаргылареи ма иԥсҭазаара иалхреи алзыршаз аумҭа рымпыҵҟьеит ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 13 - Sputnik. Анри Аҭеиба иԥсра инадҳәаланы Гагратәи ААР аамҭалатәи аанкыларҭа аиҳабы инапынҵақәа назыгӡои Гагратәи ААР аҷаԥшьаратә хәҭа аиҳаби рганахь ала ашьаусҭҵаара хацыркуп, ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
Гагра араион ААР аусзуҩцәа хараны ирыдырҵоит ауаҩы игәабзиара ашәарҭара аҭаргылареи ма иԥсҭазаара иалхреи алзыршаз аумҭа рымпыҵҟьеит ҳәа.
Амилициа аусзуҩцәа 3-5 шықәса рхақәиҭра иалхәыдатәхар ҟалоит рмаҵзурақәа рзыхынҳәра азин рымамкәа.
Бжьаниа гагратәи амилициа аусзуҩцәа рганахьала аусҭҵаара дахцәажәеит
Анри Аҭеиба нанҳәа 7 рзы дааныркылеит Гагра араион апрокуратура аусзуҩцәа амчратә хаҿқәа рганахьала аԥсҭазаара ашәарҭара иҭазыргыло ақәымчра ҟаиҵеит ҳәа.
Нанҳәа 10 рзы Гагратәи араионтә ӡбарҭа иара дааннакылеит. Уаанӡа аӡбарҭа-медицинатә експерт шаҳаҭра ҟаиҵахьан иԥсҭазаара иаԥырхагоу ааха шимам азы.
Нанҳәа 12 асааҭ 01:30 азы Гагра араионтә прокуратурахь адырра ҟаҵан аамҭалатәи аанкыларҭаҿы иҭакыз Анри Аҭеиба дыкнаҳаны дшырбаз азы. Иара убри амш аҽны иара днаган Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа ареанимациатә ҟәшахьы ихы изымдыруа. Анаҩс Аҟәа Ареспубликатә хәшәтәырҭахь дааган.
Аҟәантәи асааҭ 16:00 азы ареанимобиль ала Аԥсны иаԥну атәылахь дган. Цәыббра 14 рзы ихдырраҿы дмааиӡакәа иԥсҭазаара далҵит.
Апрокуратура хада Анри Атеиба иԥсра аҵыхәала аусҭҵаара иаҿуп